Аҟазара аҟәша

Апрофиль – "Аҿыханҵатә ҟазара" Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр

Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.

Аҵара цонаҵы астудентцәа аӡықәҭәагатәи ахәшатәи ҿыханҵа, академиатә сахьа, акомпозициа, аҵәаӷәанҵара, аскульптура рзы апрактикатә ҟазара роуеит; иҭырҵаауеит жәлар рсахьаркыратә наплакқәа, аҩычага-хархәаратәи архиаратәи ҟазара уҳәа.

Аушьҭымҭа изанааҭтә усура ахкқәа иреиуоуп:

- арҵаҩратә

- анаука-методикатә

- асоциал-рҵаҩратә

- ааӡаратә

- акультура-рккаратә

- арҽеиратә-ҿиаратә

- анапхгараҭаратә.

 

Ахырхарҭа-Адизаин

Апрофиль – "акостиум Адизаин" Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр. Анормативтә ҵара аҿҳәара: 4 шықәса

Ахырхарҭа" Адизаин " асахьаркыратә ҟыбаҩ злоу ауаа ирызкуп.

Абакалавр изанааҭтә усура обиектны иҟоуп ааглыхратә аалыҵ аҿырԥшы ҿыцқәа раԥҵара, урҭ рестетикатә ҟазшьақәеи рконкуренттә лшареи адизаин – проектҟаҵара апроцесс ала еиқәыршәоуп аҭоурыхтә, акультуратә, арҿиаратә уҳәа егьырҭ аспектқәа рыла адизаин аҿиара азакәанеизшәара хадақәа ранализ ахархәарала.

Аушьҭымҭа изанааҭтә усура ахкқәа: аналитикатә, апроекттә, аексперименталтә-ҭҵааратә, аарыхра-напхгаратә, арҵаҩратә.

Апрофиль – "Аграфикатә дизаин"

Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.

Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.

Абакалавр изанааҭтә усура аобиектқәа иреиуоуп: ауаҩы иутилитартәи идоуҳатәи ҭахрақәа назыгӡо амаҭәартә ҭагылазаашьа еибгоу естетикала еилыхха иҟоу акомплексқәа (атехникеи амаругақәеи, атранспорттә хархәагақәа, аинтериерқәа, аполиграфиа, жәлар рхархәаратә тауарқәа).