Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак (НОСАМУ)

Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак

Изакәызеи Носаму?

ААУ астудентцәеи, аспирантцәеи, аҵарауаа ҿарацәеи рыҭҵаарадырратә еилазаара (НОСАМУ) – аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара ашьаҭала ззанааҭтә ҩаӡара шьҭызхуа, ауниверситет аҿы аҭҵаарадырратә усура аҿиареи аиӷьтәреи иазҿлымҳау, иара убас ззанааҭТӘ хаҿра ашьҭыхреи иазҿлымҳауп астудентцәа, аспирантцәа, аҵарауаа ҿарацәа рырҿиаратә уаажәларратә хеидкыла ауп

Ауаажәларра ирылоу аҿар рхаҭарнакцәа аҭҵаарадырратә усура рнапы алакуп, аконференциақәа, асеминарқәа, олимпиадақәа, аконкурсқәа, аинтеллектуалтә хәмаррақәа уҳәа рхы аладырхәуеит.

Носаму ахеилак ауаажәларратә усбарҭоуп, уи ауниверситет аҟәшақәа зегьы рхымҩаԥгашьа ҳәаақәнаҵоит, астудентцәа рҵараан, аҵара аамҭа анҭыҵ рыҭҵаарадырратә усура анапхгара азҭо.
АҚӘҾИАРЕИ АКАРИЕРЕИ

Носаму аусура алахәылацәа ауаа аус рыдуларазы аԥышәа ала иарбеиоит, иқәдыргылаз ауснагӡатәқәа еилыкка рыӡбашьа рҵарц алшара рнаҭоит, уи ҳаԥхьаҟа анаҩс усурҭала реиқәыршәараан акыр бзиарахоит. Иара убас, ауаажәларра алахәылацәа аспирантура аҭалараан аԥыжәарақәа рымазаауеит.

АХАЛАНАГӠАРА

Носаму аусура аҽалархәра астудент алшара инаҭоит ихатә потенциал анагӡара, икреативреи иҭҵааратә лшарақәеи раарԥшра.

АИБАДЫРРА ҾЫЦҚӘЕИ АИНТЕРЕС ЗҴОУ АИԤЫЛАРАҚӘЕИ

Носаму алахәылацәа, русумҭақәа рыманы иқәгылоит еиуеиԥшым аконференциақәеи егьырҭ афорумқәеи рҿы. Ауниверситет еиҿнакаауеит еиуеиԥшым аҩаӡарақәа змоу аконференциақәеи аҭҵаарадырратә семинарқәеи рҿы ақәгыларақәа – аҵараиурҭаҩныҵҟатәи, аҵараиурҭабжьаратә, жәларбжьаратәи.

ИАРБАН ХЫҚӘКҚӘОУ НОСАМУ ДЫЗЫШЬҬОУ?

  • аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа рышьақәыргылараҿы астудентцәа рырҿиаратә потенциали реиҿкааратә лшарақәеи активла рыдгылареи рхархәареи
  • аҭҵааҩцәа рабиԥара ҿыц рааӡара
  • аинтерес змоу ауаа рыҩныҵҟа апрактикатә хархәаразы аҭҵаарақәа еиҳа аҵакы змоу рылҵшәақәа рыларҵәара
  • ауниверситет аушьҭымҭацәа апрактикатәи аҭҵаарадырратәи еилазаараҿы ззанааҭдырра ҳараку апрофессионал иҟазшьақәа рышьақәыргылара
  • астудентцәа еиуеиԥшым аҩаӡарақәа змоу арҿиаратә коллективқәа рнапхгара радыԥхьалара.

АИЛАЗААРА АНОСАМУ

Аилазаара