Аекономикатә факультет

Ашьаҭеи ашьақәгылареи

Аԥснытәи ауниверситет аекономикатә факультет шьаҭаркын 1980 шықәсазы.

Афакультет ашьақәгылара мҩаԥысуан аиҭаҵратә аамҭазы. 1979 Аҟәатәи Арҵаҩратә институт университетны иҟаҵан, 1989 шықәсанӡа ауниверситеттә стандартқәа рахь аиасразы апроцесс уадаҩ цон.

Афакультет аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьатәи ашықәсқәа рзы х-кафедрак рҿы аҵара цон: аполитикатә економиа, аҳасабеилыргаратә ҳасаббара, жәлар рынхамҩа апланҟаҵара

Аекономикатә факультет аҿиараҿы илагала ду зыдҳәалоу актәи адекан Феизба Иазбеи Риз-Иԥа ихьӡ ауп. Иара рҵаҩык иаҳасабалагьы илиршаз рацәоуп-иҵаҩцәа аекономика еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы ақәҿиара роуит. Ҷыдала иазгәаҭатәуп Аԥсны амилаҭтә економика аганахьала хра злоу иҭҵаарадырратә усура. Иара амилаҭтә економиказы арҵага шәҟәқәа дравторхеит, ирыцавторхеит , амилаҭтә економика акафедра аԥҵара аԥшьигеит. Аекономикатә факультет Аҿы Иаԥҵоуп Феизба Ихьӡ Зху астипендиа ҷыда Сара. Р.

 Аамҭа ааԥхьарақәа

1990-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы афакультет иаразнак аамҭа ааԥхьарақәак аднакылар лахьынҵас иаиуит. Асовет еидгыла аилабгареи уи иацны иааз ауаажәларратә шьақәгылашьа атрансформациа ҵаулеи азнеишьа ҿыц аус адулара аҭаххеит. Ҿыц иалагалаз аекономикатә ҵара ашьаҭақәеи аструктуреи еиҭарыхәаԥштәхеит.

Атрагедиатә хҭысқәагьы ирывымсит 1992-1993 шш. афакультет арҵаҩцәеи астудентцәеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы рыԥсадгьыл ахьчаҩцәа раԥхьатәи рцәаҳәақәа ирылан. Аибашьрахьтә изыхнымҳәит адекан ихаҭыԥуаҩ Заканбеи Маршьаниеи 20-ҩык астудентқәеи. Урҭ рыхьӡала афакультет аҿы иаартуп агәалашәаратә дырга (агәалашәаратә ӷәы).

 Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьра ашьҭахьтәи аҿиараҿы алагала

Ареспублика аиҭашьақәыргылареи ԥхьаҟатәи аҿиареи залыршахомызт аекономикатә ҵара шьҭымхкәа. Ауадаҩрақәа шырацәоугьы афакультет Аԥсны аекономикатә ҭҵаарадырреи аекономикеи рыҿиараҿы алагала ду ҟанаҵеит.

Аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рҿаҵала афакультет аусзуҩцәа аус рыдырулеит Аԥсны азакәан апроектқәа жәпакы, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аконцепциа апроект уҳәа.

Аамҭа ҿыц

2008 шықәса рзы афакультет раԥхьа ииасит абакалаврцәа рҵаратә программа хадеи аспециалитети назлоу акадрқәа разыҟаҵара аҩаӡаратә системахь.

Иахьатәи аамҭазы афакультет аҿы аҵара рҵоит 370-ҩык инареиҳаны астудентцәа. Афакультет аҿы абакалаврцәеи, аспециалистцәеи, амагистрцәеи разыҟаҵара мҩаԥысуеит ауниверситеттә программақәа рыла урыстәылатәи арҵаратә стандартқәа инарықәыршәаны амилаҭтә компонент ҳасаб азуны.

Аекономикатә факультет аҿы аҵарадырра асистема астудентцәа ахархәаратә проблемақәа рзы азанааҭ иацны иҵаулоу афундаменталтә дыррақәа роура иазырхоуп.

Ақәҿиарақәеи алшарақәеи

Афакультет ыҟоуижьҭеи иазнархиеит 2000-ҩык инареиҳаны аспециалистцәа, урҭ реиҳараҩык Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы қәҿиарала аус руеит. Афакультет аҳәынҭқарратә напхгараҭара, аарыхра аусхк, абанктә, акурорт-туристтә, аҭҵаарадырратә, арҵаҩратә усхкқәа рзы акадрқәа ржьира акәхеит.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аекономикатә факультет иалгеит: Аԥсны аекономика ԥыхьатәи аминистр, к. ҳ. К. Озган, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр 2011-2015 шш.В. В. Делба, адоцент, аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа аиҳабы К. А. Гогиа, Аҵәахырҭатә Банк уаанӡатәи ахада Т. С. Бганба, Кб "Инвест-банк" ахантәаҩы Д. И. Атружба, "Амра-Банк" ахантәаҩы к. ҳ. М. Р. Чалмаз уҳәа егьырҭгьы.

Аушьҭымҭацәа аӡәырҩы рыԥсҭазаара бзиа ирбо афакультет иазыркуеит, аҭҵаарадырратәи арҵаҩратәи усура иацырҵоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп 1983 шықәсазтәи аушьҭымҭа, к.ҳ., адоцент М. Г. Кәыҵниа, аиҳабы.каф., Афакультет адекан, к .ҳ ., доцент Е. К. Озган.

 

Афакультет аструктура

Афакультет аилазаараҿы иҟоуп 6 кафедрак: 


  • Аҳасабеилыргаратә ҳасаббара, анализ, аудит, аиҳабы.каф. к. ҳ., адоцент Кәыҵниа М. Г.
  • Афинансқәеи акредити, аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо.каф. к. ҳ., адоцент Кварандзиа А. А.
  • Амилаҭтә економика, аиҳабы. каф. адоц. Кубрава Б. С.
  • Аҳәынҭқарратә напхгараҭареи аменеџьменти, аиҳабы.каф. д. ҳ., апрофессор Гәымба Х. М.
  • Аекономикатә теориа, аиҳабы. каф. к. ҳ. адоцент Лагвилаа Р. М
  • Аекономикаҿы аматематикатә модельҟаҵара, аиҳабы.каф. к. ҳ. Гаврилова Ҳ. А.


Афакультет напхгара аиҭоит к. ҳ., адоцент Озган Е. К.


Афакультет аҿы аҵаратә процесс алнаршоит апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҭҵаарадыррақәа рдокторцәа 4-ҩык, аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа 17-ҩык , адоцентцәа 25-ҩык иара убас аҳәынҭқарратә напхгараҭареи, абанктә усхки, абизнеси русбарҭақәа рҟынтәи аспециалистцәа, апрактикатә усура аԥышәа ду змоу. 

Аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыҩнуҵҟа афакультет аусзуҩцәа ирыхьчоит адоктортә диссертациақәа 1, акандидаттә диссертациқәа 15, иҭыжьуп амонографиақәа 3, арҵага шәҟәқәа 3, арҵагатә цхыраагӡақәа 66, икьыԥхьуп 180 инареиҳаны астатиақәа.

Жәларбжьаратәи аусеицура

Аау аус рыцнауеит Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа, Москватәи Аҳәынҭқарратә университетгьы уахь иналаҵаны. М. В. Ломоносов, Санкт-Петербургтәи аекономикеи афинансқәеи Рҳәынҭқарратә университет, Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рҟны Иҟоу Афинанстә университет (ақ. Москва), Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет, (ақ. Краснодар), Аладатәи афедералтә университет (Ростов-на-Дону), Приднестровиатәи аҳәынҭқарратә университет. Т. Шевченко (ақ. Тирасполь) уб.

 

АФИНАНСҚӘЕИ АКРЕДИТИ РКАФЕДРА

Афинансқәеи акредити ркафедраҿы иаздырхиоит ҳаамҭазтәи аекономикатә ҭагылазаашьақәа раан хра аманы аусура зылшо афинансқәеи, акредити, абанктә уси рганахьала ззанааҭдырра ҳараку, аконкурентра зылшо аспециалистцәа.

Акафедра напхгара алҭоит к.ҳ., адоцент Кварандзиа Амра Андреи-Иԥҳа.

Иахьа акафедраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аусура мҩаԥысуеит арҵаратә планқәеи аусуратә программақәеи рырҿыцразы, адунеитә финанстә практикақәа рҿы аиҭакрақәа ҳасаб рзуны ҳаамҭазтәи арҵаратә знеишьақәа алагалахоит. Акафедраҿы аҵара зҵо ԥхьаҟатәи аушьҭымҭацәа рзанааҭ ақәҿиарақәа алзыршо иахәҭоу акомпетенциақәа рышьақәыргыларазы аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп.

Аҵара-ааӡаратә процесс аҿы актуалра злоу усуп ахархәара змоу аинтерактивтәи атрадициатәи рҵагатә методқәеи амаанақәеи рхаҭабзиара, астудентцәа рҟазара ашьақәыргылараҿы урҭ рнырра анализ азура.

Академиатә программақәа

Акафедра "Аекономика"ахырхарҭала акадрқәа разыҟаҵара мҩаԥнагоит:

Абакалавриат

Апрофиль "Афинансқәеи акредити"

Амагистратура

Апрограмма "Аҳәынҭқарратә финанстә хылаԥшреи аудити"


Акафедра арҵаратә усура абарҭ ихадоу ахырхарҭақәа ирызкуп:

  • Аҳәынҭқарратә финансқәа: абиуџьеттә система аиҿкаареи аусуреи, афискалтә политика, абиуџьетбжьаратә еизыҟазаашьақәа
  • Ашәахтәқәеи ашәахтәқәҵареи: ашәахтәқәҵара асистема, ашәахтә политика, ашәахтә ҳасабкрақәа
  • Акорпоративтә финансқәа: афинанстә менеџьмент, аинвестициатә анализ, анаплакқәа ркапитали ршәарҭарақәеи рнапхгара
  • Абанктә ус: акредит аҭара, абанктә шәарҭарақәа рнапхгара, абанктә хылаԥшра
  • Аԥгаԥса: аԥгаԥсатә ус аиҿкаара, аԥгаԥсатә аалыҵқәа рнапхгара
  • Хәы змоу ақьаадқәеи аинвестициақәеи рџьармыкьа: ҳаамҭазтәи аекономикатә ҭагылазаашьақәа раан хәы змоу ақьаадқәа, апортфельтә инвестициақәа
  • Жәларбжьаратәи афинансқәа: жәларбжьаратәи афинанстә еиҿкаарақәа, авалиута-кредиттә еизыҟазаашьақәа.


Активла иҿиоит ҳаамҭазтәи, зыда ԥсыхәа ыҟам адыррақәа рхырхарҭақәа:

Афинанстә дырра (арккаратә усура, ауааԥсыра рзы апроектқәа)

Финтех (Financial Technology) – афинансқәа рҿы ацифратә технологиақәа рыҭҵаара.

Акафедра аекономикатә факультет 41 дисциплина рыла аҵаратә усура алнаршоит, амагистертә программала 13 дисциплинагьы уахь иналаҵаны. Акафедра ихадоу адисциплинақәа иреиуоуп – "Афинансқәа", "Абанктә ус", "ашәахтәқәеи ашәахтәқәҵареи", " Аԥгаԥса", "Иахьатәи афинанстә менеџьмент", иара убас "Афинанстә џьармыкьақәеи афинанс-кредиттә еизыҟазаашьақәеи", "Ҳаамҭазтәи аԥгаԥсатә аалыҵқәа".

АҬҴААРАДЫРРАТӘ ҬҴААРАҚӘА РХЫРХАРҬАҚӘА

Акафедра аус анауа аамҭа иалагӡаны автортә коллектив иазнархиеит жәабала аҭҵаарадырратә статиақәеи амонографиақәеи, арҵага шәҟәқәеи арҵагатә цхыраагӡақәеи, иара убас аушьҭратә квалификациатә усумҭақәа рыҩреи, аҵаратә, аарыхратә, арҵаҩратә практика ахысреи рзы абжьгарақәа.

Аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа рхырхарҭа хадақәа иреиуоуп аҳәынҭқарратә финансқәа ҳаамҭазтәи рҭагылазаашьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра афинанстә институтқәа рышьақәгылареи рыҿиареи, иҿио атәылақәа рҿы анапынҵа-ԥаратә еикәыршара аҿиара аперспективақәа, ауааԥсыра рҿы афинанстә дырра ашьақәыргылара.

Акафедра аусзуҩцәа жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу анаука-практикатә конференциақәеи асеминарқәеи ирылахәуп.

АКАФЕДРА АПРОФЕССОР-РҴАҨРАТӘ ЕИЛАЗААРА

Акафедра амч-аԥышәеи аҿари, аҭҵаарадырратә ҵаулареи апрактикатә дырреи еинааланы реицааираҿы.

Аус зуа апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ӡыргоуп аԥышәа ду змоу аҵарауааи аспециалистцәа ҿарацәеи.

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи афинанстә институтқәеи рҿы анапхгаратә маҵурақәа рҿы аԥышәа ду змоу аспециалистцәа-апрактикцәа радыԥхьалара астудентцәа Аԥсны афинанстә практика аҟынтәи иактуалтәу адыррақәеи иҟаҵәҟьоу акеисқәеи рахь анеира алнаршоит.

 АПАРТНИОРЦӘЕИ АУСЕИЦУРЕИ

Акафедра активла иарҿиоит академиатәи аҭҵаарадырратәи еимадарақәа Урыстәылатәи Афедерациа иналукааша аҵараиурҭақәа рпрофильтә кафедрақәа, Санкт-Петербургтәи аекономикеи афинансқәеи рҳәынҭқарратә университети Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети рыбжьара аус зуа аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рҟны Иҟоу Афинанстә университети Аԥсуа ҳәынҭқарратә университетИ рыбжьара".

Аусеицура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп:

Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә економикатә университет (СПбГЕУ)

Академиатә еиҭныԥсахларақәа, аконференциақәа рылахәхара, арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара, аексперттә еимадарақәа

Урыстәылатәи Афедерациа Анаԥхгара аҿы иҟоу афинанстә университет

      Аҭҵаарадырратә усеицура, академиатә еиҭныԥсахларақәа, аконференциақәеи аолимпиадақәеи рылахәхара

Донецктәи анапхгараҭаратә институт-РАНХиГС афилиал

Аҭҵаарадырратә усеицура, академиатә еиҭныԥсахларақәа, аконференциақәа рылахәхара

Акафедра аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи абизнес - еилазаареи - Аԥсны афинансқәа Рминистрреи, Аԥсны Амилаҭтә банки, Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рзы Аминистрреи , Аҵәахырҭатә Банки, Кб "Амра-банки", Аквафони, А-мобаили уб. - астудентцәа аҵаратәи аарыхратәи практика абазақәа рыла реиқәыршәара алнаршоит. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа аус рыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны амагистратура астудентцәа ирымоуп алшара СПбГЕУ аҿы арҵаратә практика ахысра.

Акафедра аус ауеижьҭеи иахьа аус зуа аспециалистцәа азнархиеит:

Аԥсны афинансқәа рминистрра

Аԥсны аекономика аминистрра

Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк

Ареалтә сектор анаплакқәа рфинанстә маҵзурақәа

Аԥсны акоммерциатә банкқәа


Аушьҭымҭацәа аӡәырҩы анапхгаратә маҵурақәа ааныркылоит, Аԥсны афинанстә система аҿиараҿы рлагала дууп.

АҲАСАБЕИЛЫРГАРАТӘ ҲАСАББАРЕИ, АНАЛИЗИ, АУДИТИ РКАФЕДРА


1979 шықәсазы Аҟәатәи арҵаҩратә университет Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университетны иҟаҵан. Раԥхьаӡа акәны иаԥҵан аекономикатә факультет, уи деканс дҟалеит адоцент Сара. Р. Феизба, аекономикатә факультет ахь азанааҭқәа рыла адкылара мҩаԥгоуп: "Ааглыхреи ақыҭанхамҩеи рҿы анхамҩатә усура аҳасабеилыргаратә ҳасаббареи анализ азуреи","жәлар рынхамҩа Апланҟаҵара".

1980 шықәсазы иаԥҵоуп аекономикатә факультет зегьы аҿы аекономикеи аҳасаббареи Ркафедра, анаҩс, ари акафедра ашьаҭала, 1982 шықәсазы иаԥҵан анхамҩатә усура анализ Аҳасабеилыргаратә ҳасаббара акафедра. ААУ Аҳасабеилыргаратә ҳасаббара акафедра ашьаҭаркыҩцәа дыруаӡәкын Н.Ф. Ивашьенко, уи ашьаҭаркра амш инаркны акафедраҿы аус зухьаз в1980 ш. 1992 ш. Еиҿкааҩык, ҵарауаҩык иаҳасабала ари апериод иалагӡаны лара ашьҭа лаша аанлыжьит, лхы агәалашәара бзиа аанлмыжьит. Лара илыхьчеит 1981 шықәсазы Киевтәи жәлар рынхамҩа аинститут аҿы акандидаттә диссертациа.

1983 шықәса раахыс апрактика аспециалистцәа адыԥхьалан. Л. П. Шьербакова, акафедра адоцентс дыҟан, ареспубликаҿы аҳасабеилыргаҩцәа рыспециалистцәа разыҟаҵараҿы ллагала хәы амаӡам. Лариса Павел-Иԥҳа Аԥсны аудит азы раԥхьатәи арҵага шәҟәы ҭлыжьит, лара иазыҟалҵеит арҵаратә программақәеи алабораториатә практикумқәеи рацәаны. Акафедраҿы 1985 шықәса инаркны 1989 шықәсанӡа аус луан О. Д. Ольшанскаиа, уи дпрактикан, дҵарауаҩын.

Акафедра аҳасабеилыргаҩцәа раԥхьатәи рҭыжьра мҩаԥган 1983 ш.аспециалистцәа ҿарацәа реихшарала акафедраҿы даанхеит ААУ раԥхьатәи аушьҭымҭа М. Г. Кәыҵниа, уи акафедра алаборант инаиркны адоцент иҟынӡа амҩа данысит. 1996 ш.Киевтәи аекономикатә университет аҿы акандидаттә диссертациа лыхьчеит.

1989 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа акафедра дахагылеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Банк ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Б.А. Џыр. џыр илшамҭа дуӡӡоуп абанктә усхк аҟны аспециалистцәа разыҟаҵараҿы, иара ицхыраареи иалахәреи рыла иазырхиан, ахәҭакахьала, Аԥсны Амилаҭтә Банк аҳасабеилыргаразы аспециалистцәа.

Ари апериод азы аусура далагоит акафедра аушьҭымҭа, аспирантка К.а. Гогиа, уи МГУ аҿы акандидаттә диссертациа лыхьчеит 1997 ш. лара иазыҟалҵеит анхамҩатә усура анализ арҵаратә дисциплинақәа рзы апрограммақәа ркомплекс. Иахьатәи аамҭазы К.А. Гогьиа ААУ аҿы арҵара даҿуп, аамҭакала астатистиказы Аҳәынҭеилакы напхгара аҭо.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан 1992-1993 шш.акафедра аусура ааннакыломызт, аспециалистцәа рҭыжьра мҩаԥган. 1993 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа акафедра напхгара аиҭон аибашьра анеилга ашьҭахь аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩыс иҟалаз, 1997 ш. – аҭҵаарадырразы ААУ апроректорс иҟалаз апроф.

1993 шықәсазы акафедра Аҳасабеилыргаратә ҳасаббареи аудити ркафедра ҳәа ахьӡ ԥсахын, ԥыҭрак ашьҭахь акафедра аҳасабеилыргаратә ҳасаббара, анализ, аудит ркафедра ахьӡ аиуит.

Аибашьра анеилга ашьҭахь акафедра аспециалистцәа К. А. Гогиеи М. Г. Кәыҵниа Аԥсны ашәахтә система аус адызулоз дреиуахеит. Урҭ хаҭала алархәны аус адулан иахьагьы аус зуа Аҳасабеилыргаратә ҳасаббара аганахьала анорматив-зинтә база. Акафедра аспециалистцәа адоцентцәа М. Г. Кәыҵниеи К. А. Гогиа 2017 шықәса рзы Иреиҳаӡоу ашкол Зҽаԥсазтәыз аусзуҩцәа ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

О.Б. Шамба аус адиулеит 1994 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма, уи ашьаҭала 2005 ш. акафедра алахәылацәа алархәны аус адулан Аԥсны аҿиара асоциал-економикатә программа.

2016 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа акафедра напхгара аиҭоит адоцент М.Г. Кәыҵниа. Лара аекономистцәеи, аҳасабеилыргаҩцәеи, астудентцәаи рзы апрактикатә ҵакы змоу аҳасабеилыргаратә ҳасаббаразы арҵага шәҟәқәа дравторуп, Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҿы аус зыдулоу Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара Астратива аус адызуло дыруаӡәкуп.

Акафедраҿы қәҿиарала аус руеит аҳасабеилыргаратә ҳасаббара акафедра аушьҭымҭацәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп афинансқәа рминистр адоцент В. Делба, арҵаҩы еиҳабы О. Т. Армарахьтәи, ст. арҵаҩы А. А. Нерсесиан, И. В. Ашәақьхәшәы, И. В. Черкезиа, И. Д. Шоуа. Апрактикатә ԥышәа ду змоу аспециалистцәа зегьы, активла апрактикатә усура еиԥш аҭҵаарадырратә усурагьы мҩаԥыргоит. 2016 Шықәсазы аусура иадыԥхьалан аушьҭымҭацәа И. С. Хамгоков, иахьатәи аамҭазы аекономикатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп. Лакрба л.Р., 2022 шықәсазы адиссертациа қәҿиарала изыхьчоз.

2011 шықәса раахыс акафедра аусура иалагеит Болонтәи акадрқәа разыҟаҵара асистемала. 2016 шықәса рзы иаартын ажәыларазы амагистратура Аҳасабеилыргаратә ҳасаббареи аудити. Акафедра иҭнажьит 50-ҩык инареиҳаны амагистрцәа, урҭ қәҿиарала аус руеит еиуеиԥшым аилахәырақәеи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи рҿы.


Акафедра Аԥсны аҳасабеилыргаратә ҳасаббара аҽеиҭакразы аҭҵаарадырратә усура мҩаԥнагоит. Иаздырхиеит, икьыԥхьуп иарбоу апроблема иазку аҭҵаарадырратә статиақәа аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәа – ажурнал "Аудит", И.С. Иадгаррва, В. А. Сидоров рнапхгарала Афинанстә Университет еиҿнакааз есышықәсатәи аконференциа алҵшәақәа рыла амонографиақәа рҿы.

АҲАСАБЕИЛЫРГАРЕИ, АНАЛИЗИ, АУДИТИ РКАФЕДРА АҬҴААРАДЫРРАТӘ ХЫРХАРҬА

Аҳасабеилыргаратә ҳасаббареи, анализи, аудити ркафедра аусура анаукатә хырхарҭа хаданы иҟоуп Аԥсны амилаҭтә економика анаплакқәа ашәҟәы рҭагалара-гәаҭаратәи аналитикатәи система аҿиара, урҭ иҭышәынтәаланы русура алыршара хықәкыс иҟаҵаны.

Ари ахырхарҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны абарҭ аҭҵаарадырратә проблемақәа рыӡбара мҩаԥысуеит:


  • афинанстә, анапхгараҭаратә, ашәахтә ҳасаббара аҿиара
  • анаплакқәа рҿы афинанстә ҳасабырбара жәларбжьаратәи астандартқәа рхархәара
  • аекономикатә субиектқәа рыҩныҵҟатәи рхылаԥшра асистема аметодқәеи, апроцедурақәеи, аелементқәеи аус рыдулара
  • еиуеиԥшым анаплакқәеи аекономика аусхкқәеи рҿы аҳасаббареи аудити рметодологиеи реиҿкаареи реиӷьтәра
  • атранспорти атуризми рҿы афатә ааглыхраҿы анапхгараҭаратә ҳасаббара аус адулареи алагалареи
  • ахарџьқәа рнапхгареи аргылараҿы аконтроллинги
  • амаркетплеисқәа рҿы аҳасаббара асистема аус адулара
  • астатистикатә ҳасаббара аиӷьтәра
  • аҳасаббара аҿы ацифраркра апроблемақәа
  • атуризм аҳасаббара-аналитикатә еиқәыршәара.



 АМИЛАҬТӘ ЕКОНОМИКА АКАФЕДРА

Акафедра аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа рхырхарҭа:


  • Аԥсны амилаҭтә економика аҿиара арбагақәа рмакроекономикатә анализ
  • адемографиа
  • астратегиатә планҟаҵареи азԥхьагәаҭареи
  • ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рҵакыратәи русхктәи ҿиара
  • аинвестициақәеи урҭ ррольи атәыла амилаҭтә економикаҿы
  • ауааԥсыра рыԥсҭазаара аҩаӡареи ахаҭабзиареи, агәабзиарахьчареи, аҵареи, асоциалтә усхкы егьырҭ ахырхарҭақәеи
  • Аԥсны абиуџьеттә процесс аҿиара, аҳәынҭқарратә хатәра априватизациа азуреи аҳәынҭқаррахьчареи рызҵаарақәа
  • ареспублика атурист-рекреациатә потенциал аҭҵаара
  • анаплакреи уи аҭыԥи Аԥсны амилаҭтә економикаҿы.