Афизико-математикатә факультет

Афакультет иазнархиоит аматематикеи, афизикеи, акомпиутертә ҭҵаарадыррақәеи рганахьала аспециалистцәа. Ҳара гәык-ԥсыкала ҳазҿлымҳауп ҳаушьҭымҭацәа зегьы акомпетентра ҳаракы, азанааҭтә еиҭаҵралшара, ахатә хаҿра лаша рымазарц. Абарҭ аҭагылазаашьақәа раан ауп узанааҭи уԥсҭазаареи рҿы ақәҿиарақәа раарԥшра анулшо.

Афакультет аԥҵан 1932 ш. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аартра инаваргыланы. Араҟа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус руан афизика аматематика аганахьала еицырдыруа аспециалистцәа: Челиӡе В. Г., Агрест М. M., Максимов М. 3., Чукбар М. А., Кириа М. а., Савченко И. С., Табагәуа М. И., Саӡба И. Н., Оҭырба Е. A., Багба И. Д. уб. Ҳаамҭазтәи арҵаратә стандартқәа инарықәыршәаны афакультет иреиҳаӡоу аҵарадырра аҩаӡаратә система ииасит ахырхарҭақәа "Аматематика", "Ахархәаратә математикеи аинформатикеи", "афизика"рыла. Аспециалистцәа арҵаҩы изанааҭдырра цҵа роуеит. Афакультет аушьҭымҭацәа аматематикатәи афизикатәи методқәеи акомпиутертә технологиақәеи зхы иазырхәо ахырхарҭақәа рҿы анаука-ҭҵааратә усура анагӡара иазыҟаҵоуп. Урҭ рзанааҭтә усура обиектқәаны иҟоуп аҵаратә, анаука-ҭҵааратә центрқәа, анапхгараҭаратә усбарҭақәа, иара убас акредит-финанстә усбарҭақәа, ааглыхратә аарыхра уҳәа егьырҭгьы.

Иахьатәи аамҭазы афакультет еиднакылоит акафедрақәа 4: аматематикатә анализ, ахархәаратә математика, насгьы аинформатика, азеиԥш физика, ахархәаратә физика.

АКАФЕДРАҚӘА РЗАНААҬҚӘА:

·       Аматематикатә анализ – "Афункциақәа ртеориа", "аматематика арҵара Аметодика"

·       Ахархәаратә математикеи аинформатикеи - "Аевм аматематикатәи апрограмматәи еиқәыршәара"

·       Азеиԥш физика - "атмосфера афизика","атомтәи аиадертәи физика".

·       Ахархәаратә физика - "агеофизика", "атмосфера афизика".

Уи азы акафедрақәа рҿы аҵаратәи аҭҵааратәи лабораториақәа аус руеит:

· 3 аҳасабратә техника алабораториақәа

· амеханика Алабораториа

· Аелектромагнетизм Алабораториа

· Аоптика Алабораториа

· Амолекулиартә физика Алабораториа.

Афакультет аҿы аус руеит 13-ҩык апрофессорцәеи адоцентцәеи, 21-ҩык арҵаҩцәа еиҳабацәеи аҭҵаарадырратә усзуҩцәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Анаукеи, Амани, Аԥсны Аҳәынҭқарреи ракадемиа академик, "Аҭҵаарадырраҿы Ахьӡ" ҳәа аҳаҭыртә титул занашьоу, Европа аректорцәа рыклуб алахәыла – ААУ аректорГәарамиа А. А., АНА академикцәа ҩыџьа: апроф. Ԥачулиа Н.Л., апроф. Екба И.А., ҷ.- акорр. АНА-апроф. Лашәриа Р. А. Афакультет ахаҭарнакцәа ҩыџьа апроф. Лашәриа Р. А. апроф. Екба Сара. А. аҳәынҭқарратә премиа иалауреатцәоуп. А. А. Ӡиӡариа анаука аганахьала. Афакультет аусзуҩцәа хҩык-Гварамиа А.А., Ԥачулиа Н. Л. Шамбагьы Ҳ. М. – иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә орденқәа «Ахьӡ-аԥша» ранашьоуп. Фмф аушьҭымҭацәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 1994 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа 700-ҩык инареиҳаны иҟоуп. Иахьазы астудентцәа рконтингент 150-ҩык ыҟоуп.

Аҭҵаарадырратә усура афакультет акафедрақәа ирызкуп. Агармониатә анализ, афункционалтә анализ, абстракттә алгебреи алогикеи, аматематикатә физика аиҟаратәқәа, афизика, агеофизика, абиофизика, аполбжамҩангагақәа рфизика, акомпиутертә технологиақәа рырҵара аметодика рганахьала афундаменталтә ҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. 

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акафедра азеиԥш физика инапы алакуп афизикатә текстқәа аԥсшәахь разырхиареи реиҭагареи, аԥсышәала афизиказы арҵагатә цхыраагӡақәа раԥҵара хықәкыс иҟаҵаны. 

Фмф аҵарауаа инеиԥынкыланы активла рхы аладырхәуеит аҳәаанырцә ааигәақәеи аҳәаанырцә харақәеи ртәылақәа рхаҭарнакратә ҭҵаарадырратә форумқәа жәпакы, аус рыцыруеит еицырдыруа аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәа.

Фмф аҭӡамцқәа рҿы изныкымкәа имҩаԥган аматематика, афизика еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла жәларбжьаратәи аконференциақәа, иара убас есышықәса имҩаԥысуеит апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи рыҭҵаарадырратә-практикатә конференциақәа.

Аматематика, афизика, апрограммаҟаҵара иҿыцӡоу азҵаарақәа рзы акурс ҷыдақәеи урҭ рнапхгарала асеминарқәеи маҷымкәа Фмф астудентцәа инарҵауланы аҭҵаареи анаҩс рхала аусуреи рзы алшара рырҭоит. Убри азы ФмФ аушьҭымҭацәа рҭаххара дууп.

Ахархәаратә физика акафедра

Афизика-математикатә факультет ахархәаратә физика акафедра еиҿкаан ААУ аректор идҵала 2018 шықәса рзы ахархәаратә екологиа акафедра ашьаҭала.

Акафедра хықәкы хадас иамоуп ахырхарҭақәа "Агеофизика", "атмосфереи агидросфереи Рфизика"рыла аспециалистцәа разыҟаҵара.

Акафедраҿы аус руеит 5-ҩык арҵаҩцәа, зегьы аҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа рымоуп: ҳақьымки афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәеи ԥшьҩык.


Есышықәса акафедра аусзуҩцәа 8-10 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа ркьыԥхьуеит, 5-6 жәларбжьаратәи аконференциақәа рҿы иқәгылоит, иара убас амонографиақәеи арҵагатә цхыраагӡақәеи ҭрыжьуеит.