Агронџьныртә факультет

Ҳара ҳфакультет Аԥсны иахьаҵанакуа атәыла агроааглыхратә комплекс азы зҟазара ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵара мҩаԥызго аструктуратә ҵаратә ҟәша заҵәык ауп.

Афакультет еиҿкаауп 1994 шықәсазы аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭазы иҟаз асубтропикатә нхамҩа аинститут ашьаҭала.

Иара ԥшь-хырхарҭак рыла аспециалистцәа разыҟаҵара мҩаԥигоит: 110400.62-01 Агрономия

азыҟаҵара апрофиль - "Агрономиа"

110800 Агроинженериа

азыҟаҵара апрофиль "агробизнес аҿы Атехникатә системақәа"

260 100 Аҵиаатә аӡа иалху афатә аалыҵқәа

азыҟаҵара апрофиль "асубтропикатә фатәаалыҵқәа Ртехнологиа"

140400.62-01 Афымцамчи афымцатехникеи

азыҟаҵара апрофиль - "Афымцалашара"

Афакультет аструктура иалоуп иҭзыжьуа акафедрақәа ԥшьба:

- «Агрономиа акафедра»;

-«Асубтропикатәи афатәи аалыҵқәа ртехнологиа акафедра»;

- «Ақыҭанхамҩа амеханизациа акафедра»;

- «Аенергетикатә системақәа ркафедра»;

- «Анаукақәа Ракадемиа Ниисх аҟны иҟоу ихадоу акафедра».

Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс хьанҭақәа раан афакультет ашьақәыргылареи ашьақәгылареи рҿы ароль ду нарыгӡеит аҵарауаа ҟаимаҭқәа, зыҩаӡара ҳараку аспециалистцәа, иаамҭамкәа ицаз: к. т. Н., адоц. Гергиа Иу. К., к. т. н., адоц. Аветиков М. С., к. Т. Н., адоц. Џьанашьиа Г. П., к. Т. Н., АДОЦ. Чамагәуа А. Е., к. Т. Н., адоц. Ачба Л. Н., к. т. Н., адоц. Маркосиан А. Ф., К. Т. Н., адоц. Гарт Л. Е.

Афакультет аҿы аҵара мҩаԥыргоит апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 2-ҩык апрофессорцәа, 16-ҩык адоцентцәа, арҵаҩцәа еиҳабацәа 16-ҩы, апрактикатә усура аԥышәа ду змоу аспециалистцәа.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны асубтропикатә қыҭанхамҩатәи аенергетикатәи усхкқәа рыҿиараҿы злагала дуу аҵарауаа: к. с.-ҳ., апроф. Хватыш Г. А., д. с-ҳ ., Ана академик Аиба Л. И., к. С.-Ҳ., адоц. Алан П. Б., К. С .- Ҳ., доц. Косарева 3. И. , адоцент. Микаа Г. П., ак. т., адок. Камлиа Р. А .

Агрономиа акафедра. Акафедра аусзуҩцәа рыҭҵаарадырратә ԥшаара хадақәа зыдҳәалоу асубтропикатә ҵиаақәа рааӡара аҿиара ауп, уахь иаҵанакуеит асубтропиктә культурақәа рыҿиареи рыхьчареи реизҳара акомплекстә ҭышәныртәалара аус адулара иазырхоу анаука-практикатә зҵаарақәа жәпакы. Иахьатәи аамҭазы акафедра напхгара алҭоит адоц., аканд. аҭҵаарадыррақәа Чукбар Кама Тариел-Иԥҳа.

Асубтропикатәи афатәи аалыҵқәа ртехнологиа акафедра. Акафедра аҭҵаарадырратә усура ахырхарҭа хадақәа зыдҳәалоу аефирхәшатә, ашшахәша, ашәыри ауҭраҭыхи, ачаи аӡеи аус рыдуларазы ипрогрессивтәу царҭа змам атехнологиақәа аус рыдулара ауп. Акафедра напхгара алҭоит к.т., адоц. Шьакаиа Нина Иури-Иԥҳа.

Ақыҭанхамҩа амеханизациа акафедра. Аҭҵаарадырратә усура ахырхарҭа хадақәа асубтропикатә ҵиаақәа рааӡара амеханизациа аоптимизациа иадҳәалоуп. Акафедра напхгара аиҭоит адоц. Ладариа Анатоли Иури-Иԥа.

Аенергетикатә системақәа ркафедра. Акафедра аҭҵаарадырратә усура азырхоуп Аԥсны агидроенергетика аиҿкаареи аҿиареи рзы аинновациатә методқәа аус рыдулара, иара убас итрадициатәым еиҭарҿыцуа аенергиа ахыҵхырҭақәа рыҭҵаара. Акафедра еиҿкаауп д.т. инапхгарала, апроф. Герасева В. И. Уажәы акафедра деиҳабуп к. т., адоц. Кимкетов Маи Џьанхот-Иԥа.

Анаукақәа ракадемиа Ниисх аҟны иҟоу ихадоу акафедра. Акафедра ахықәкы хадақәа иреиуоуп аҵаратә процесс аиӷьтәра, астудентцәа рыпрактика амҩаԥгара, Аҭҵаарадырратә Институт ашьаҭала афакультет аусзуҩцәа анаука-ҭҵааратә усурақәа рымҩаԥгара алыршара. Акафедра напхгара аиҭоит к.с.-ҳ., Пантиа Гьаргь-Иԥа.

2011 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа афакультет аҿы иаԥҵоуп алабораториақәа хәба: агрохимиазы аҵара-ҭҵаарадырратә-аарыхратә лабораториа, аалыҵ аус адулара атехнологиазы аҵара-ааглыхратә фабрика, афымцатехника атеориатә шьаҭақәа, аелектроника, афымцатә машьынақәа рзы арҵаратә лабораториақәа.

Афакультет аҿы аус ауеит аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рыстудентцәа рыҭҵаарадырратә еилазаара. Есышықәса имҩаԥысуеит астудентцәа рконференциақәа ҩба, уаҟа ицәыргоуп аусурақәа рылҵшәақәа. Аиф астудентцәеи, аспирантцәеи, арҵаҩцәеи рхы аладырхәуеит аҭҵаарадырратә ҟазшьа змоу еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа.

Афакультет Урыстәылатәи афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа жәпакы – Маиҟәаԥтәи Аҳәынҭқарратә технологиатә университет, Ҟәбантәи аграртә университет, Ҟабарда-Балкариатәи Аҳәынҭқарратә аграртә Университет, Волгоградтәи Аҳәынҭқарратә аграртә университет уб.егь. Аконференциақәа, астол гьежьқәа, аҭҵаарадырратә семинарқәа еицымҩаԥыргоит.

ААУ, агроинженертә факультетгьы уахь иналаҵаны, атрадициа бзиақәа рыла ибеиоуп, астудентцәа рырҿиаратә лшарақәа рыҿиаразы, рылаԥшҳәаа арҭбааразы, акультуратә ҩаӡара ашьҭыхразы, аиӷьтәразы аҭагылазаашьақәа рзаԥаҳҵоит. Афакультет аҿы иҟоуп изныкымкәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкылахьоу акәашаратә коллектив, Аиф ашьапылампылтә команда, КВН акоманда.

1994 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа афакультет иазнархиеит, иҭнажьит 1200-ҩык инареиҳаны адиплом змоу аспециалистцәа, Аԥсни, Урыстәылеи, аҳәаанырцә ааигәақәеи аҳәаанырцә харақәеи рапк аусхкқәа зегьы русзуҩцәа рыбжьара зҽаԥсазтәыз аҳаҭыр змоу. Иахьатәи аамҭазы Аиф аҵара рҵоит 300-ҩык рҟынӡа астудентцәа.