Аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟәазаашьақәеи рфакультет
Ахырхарҭа-Аҭоурых
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.
Аҭоурых абакалавр апрактикатәи аҭҵааратәи усура азырхоуп Аԥсадгьыли адунеитә цивилизациақәеи рҭоурых, аџьынџьтәылатәи аҳәаанырцәтәи аҭоурыхҭҵаара, ахыҵхырҭаҭҵаара, аҭҵаара атеориеи аметодологиеи рыҭҵаара, ҳаамҭазтәи адунеи аҿиара асоциокультуратәи аполитикатәи ҭагылазаашьақәа профессионалла реилкаара, аҭоурыхтә динамика иҭышәынтәалоу атенденциақәа раарԥшра, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азԥхьагәаҭара хықәкыс иҟаҵаны.
Аушьҭымҭацәа аҵарадырра асистемаҿы абжьаратә школқәа, абжьаратә-ҷыдатә ҵараиурҭақәа, агимназиақәа, алицеиқәа, Абиблиотекақәа, архивқәа, амузеиқәа, акультура аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рҿы рҵаҩцәас аус рур рылшоит, аналитикатә центрқәа рҿы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи еиҿкаарақәа рҿы, аҳәынҭқарратә напхгараҭареи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭареи русбарҭақәа рҿы експертцәас аус рулар рылшоит.
Абакалавр амагистратураҿы аҵара дазыҟаҵоуп (2 шықәса), уи даналгалак аҭоурых амагистр ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара ранашьахоит.
Азанааҭ-Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа
Аушьҭымҭа изанааҭдырра жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала аспециалист иоуп.
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 5 шықәса.
Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала аспециалист изанааҭтә усура азырхоуп жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема, ихадоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи ахеидкылақәеи, адунеитә политика аҿиара апроблемақәеи атенденциақәеи, амилаҭтә шәарҭадареи аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикеи рызҵаарақәа рыҭҵаара, адәныҟаполитикатә хырхарҭала еиуеиԥшым амчратә усбарҭақәа русуразы ҭҵаарадыррала ишьаҭарку апрактикатә абжьгарақәа аус рыдулара хықәкыс иҟаҵаны.
Аспециалист изанааҭдырра иазԥхьагәанаҭоит еиуеиԥшым аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рҿы ареферент, аексперт, аконсультант, уи азы атәым бызшәазы аиҭагаҩ рфункциақәа рынагӡара.
Аушьҭымҭа аспирантураҿы аҵара дазыҟаҵоуп.
AB
RU