Афилологие ажурналистикеи рфакультет
Ахырхарҭа-Афилологиа
Апрофиль – Аԥсуа бызшәеи алитературеи.
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Апрофиль – Аԥсуа бызшәа аԥсуа школ аҿы иҟам.
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Апрофиль – Аурыс филологиа.
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Ахырхарҭа-Алингвистика Апрофиль – Англыз бызшәа.
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Апрофиль – Анемец бызшәа.
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.
Афилологи алингвисти рыпрактикатәи рыҭҵааратәи усура азырхоуп агуманитартә дырра, абызшәабжьаратә коммуникациа, аҵарадырра, акультура рганахьала.
Азанааҭтә усура аобиектқәа иреиуоуп:
- абызшәақәа (ҳџьынџьтәылатәии аҳәаанырцәтәии) урҭ рҿы
атеориатәи апрактикатәи, аҭоурыхтәи адиалектикатәи аспектқәа
- алитература (аџьынџьтәылатәи аҳәаанырцәтәии) еиуеиԥшым атәылақәа рҿы уи аҿиара азакәанқәа ҳасаб рзуны.
Афилолог (алингвист) анаука-ҭҵааратә, апрактикатә, арҵаҩратә усура амҩаԥгара дазыҟаҵоуп. Апрактикатә усхк аҟны-аҵареи, акультуреи, анапхгараҭареи, Амассатә информациа ахархәагақәеи, акультурабжьаратә коммуникациеи, асоциал-гуманитартә усура егьырҭ ахырхарҭақәеи рҿы афилологиа аганахьала адыррақәеи аҟазареи рхархәара иадҳәалоу апрактикатә усура анагӡара.
AB
RU