Агронџьныртә факультет
Ахырхарҭа-Агрономиа
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.
Абакалавр азанааҭтә усура обиектқәаны иҟоуп адәынтәи, ауҭраҭыхтә, ашәыртә культурақәеи урҭ рыхкқәеи; адгьыли уи ачашәреи; аҵиааӡара аалыҵ аҭыжьра атехнологиақәа.
Аушьҭымҭа изанааҭтә усура ахкқәа:
- аарыхра-технологиатә
- аиҿкаара-напхгаратә
- анаука-ҭҵааратә.
Аушьҭымҭа амагистратураҿы аҵара дазыҟаҵоуп.
Ахырхарҭа-Агроинженериа
Апрофиль – "агробизнес аҿы Атехникатә системақәа"
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.
Абакалавр ақыҭанхамҩатә аарыхра апроцессқәа рмеханизациеи, атехнологиа аус адулареи, ақыҭанхамҩатә техника аремонт аиҿкаареи рганахьала аарыхра-технологиатә, аиҿкаара-напхгаратә, аҭҵааратә усура иазырхиоуп.
Аушьҭымҭа изанааҭтә усура аобиектқәа иреиуоуп:
- еиуеиԥшым ахатәратә хкқәеи аформақәеи змоу ақыҭанхамҩатә наплакқәа
- аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа.
Аушьҭымҭа амагистратураҿы аҵара дазыҟаҵоуп.
Ахырхарҭа-ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьреи аус адулареи Ртехнологиа" Апрофиль – "ақыҭақыҭанхамҩаТӘ аалыҵ Аҵәахреи аус адулареи"
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.
Аушьҭымҭа изанааҭтә усура обиектқәаны иҟоуп ақыҭанхамҩатә культурақәеи аԥстәқәеи; аҵиааӡареи арахәааӡареи раалыҵ аҭыжьреи аус адулареи ртехнологиатә процессқәа.
Азанааҭтә усура ахкқәа:
- аарыхра-технологиатә
- аиҿкаара-напхгаратә
- анаука-ҭҵааратә.
Аушьҭымҭа амагистратураҿы аҵара дазыҟаҵоуп.
Ахырхарҭа-Афымцаенергетика
Апрофиль - "Афымцамчхара афымцатехника"
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр. Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.
Абакалавр ақыҭанхамҩеи ааглыхреи релектрификациеи равтоматизациеи рганахьала аарыхра-технологиатә, аиҿкаара-напхгаратә, аҭҵааратә усура дазыҟаҵоуп.
Абакалавр азырхиоуп азанааҭтә уснагӡатәқәа рыӡбара, ахәҭакахьала аинформациатә маҵзуреи аарыхра аиҿкаареи, афымцамч ала аиқәыршәареи афымцамч аиҷаҳареи рзы аусмҩаԥгатәқәа рынагӡареи рзы аусурақәа рынагӡара. Ақыҭанхамҩатә, абзазаратә, ааглыхратә ҵакы змоу афымцамыругақәеи, аенергетикатә шьақәгылақәеи, автоматика ахархәагақәеи рхархәара иазыхиоуп.
Аушьҭымҭа амагистратураҿы аҵара дазыҟаҵоуп.
AB
RU