Агеографиеи атуризми рфакультет

АГЕОГРАФИЕИ АТУРИЗМИ РФАКУЛЬТЕТ

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агеографиеи атуризми рфакультет – ари Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы агеографиатәи атуристтәи ҵара ацентр ауп. Иара цәырҵит 2024 шықәса рашәарамзазы абиологиа-географиатә факультет аиҭеиҿкаара иалҵшәаны, 1937 шықәсазы иаԥҵаз агеографиа акафедра атрадициа беиақәа аҭынхеит.

Иахьа афакультет аҿы 200-ҩык инареиҳаны астудентцәа аҵара рҵоит азыҟаҵара ахырхарҭақәа рыла: «Агеографиа», «Атуризм. Аҵаратә процесс шьақәгылоуп ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы қәҿиарала азанааҭтә усуразы ихымԥадатәиу афундаменталтә дыррақәеи апрактикатә ҟазарақәеи ринтеграциа. Агеографиеи атуризми рфакультет аҿы акадрқәа разыҟаҵара алыршахоит зҟазара ҳараку арҵаҩратә еилазаара, аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәеи, адоцентцәеи, арҵаҩцәа еиҳабацәеи назлоу. Афакультет арҵаҩцәа активла аҭҵаарадырратә конференциақәа ирылахәуп, рыҭҵаарақәа рылҵшәақәа аҭҵаарадырратә журналқәа рҿы иркьыԥхьуеит, арҵага шәҟәқәа, арҵагатә цхыраагӡақәа, амонографиақәа равторцәас иҟоуп.

Афакультет адекан инапынҵақәа назыгӡо – агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Каитамба Маиа Џьемал-Иԥҳа.

Афакультет ҳаамҭазтәи аструктура иаҵанакуеит ззанааҭдырра ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵара акафедрақәа ҩба.

Агеографиа акафедра: акафедра аиҳабы-агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Каитамба Маиа Џьемал-Иԥҳа.

Аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа рхырхарҭа хадақәа:

· Аԥсны акомплекстә физика-географиатәи аекономика-геологиатәи ҭҵаара.

· Аԥсабаратә комплексқәа рҿы аиҭакрақәа рекологиа-географиатә анализ рзура.

· Аԥсны аетногеографиатә процессқәа.

Атуризм акафедра: акафедра аиҳабыс инапынҵақәа назыгӡо-аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лакербаиа Кристина Анзор-Иԥҳа.

Аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа рхырхарҭа хадақәа:

· Аԥсны атуризм иҭышәынтәаланы аҿиаразы аҭҵаарадырратә шьаҭақәа аус рыдулара.

· Аԥсны атурист-рекреациатә потенциал аҭҵаара.

· Аԥсны атуристтә џьармыкьа аҭҵаарақәа.


Арҵара аформақәеи азыҟаҵара ахырхарҭақәеи.

Агеографиеи атуризми рфакультет абакалавриати амагистратуреи рыпрограммақәа рҳәаа иҭагӡаны абарҭ азыҟаҵара ахырхарҭақәа ҳаднагалоит:

· Абакалавриат

Азыҟаҵара ахырхарҭа" Агеографиа", апрофиль – "Азеиԥш географиа". Арҵара аформа – латәаралатәи, аҵара аҿҳәара-4 шықәса.

Азыҟаҵара ахырхарҭа" Атуризм", апрофиль – "атуроператортәи атурагенттәи усура Атехнологиеи аиҿкаареи". Арҵара аформа – латәаралатәи, аҵара аҿҳәара-4 шықәса.

· Амагистратура

Азыҟаҵара ахырхарҭа" Агеографиа", азыҟаҵара апрофиль – "Афизикатә географиеи аландшафтҭҵаареи". Арҵара аформа – латәаралатәи, аҵара аҿҳәара-2 шықәса.

Аусеицура. Агеографиеи атуризми рфакультет активла жәларбжьаратәи аусеицура арҿиоит, еиуеиԥшым жәларбжьаратәи апроектқәеи апрограммақәеи ирылахәуп. Урыстәыла иналукааша аҭҵаарадырратә усбарҭақәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи, Москватәи аҳәынҭқарратә университет, Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет , Уралтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет, Башкириатәи аҳәынҭқарратә университет уҳәа реиԥш иҟоу, аимадара бзиа рыбжьоуп. Ари аусеицура иалнаршоит аԥышәа аимдара, аҭҵаарақәа реицмҩаԥгара, аспециалистцәа разыҟаҵара аҩаӡара ҳаракы аиқәыршәара.

Аматериал-техникатә база. Афакультет аспециалистцәа хаҭабзиарала разыҟаҵаразы ихымԥадатәиу ҳаамҭазтәи аматериал-техникатә база амоуп. Астудентцәа рнапаҿы иҟоуп арҵаратә аудиториақәа, Аинтернет ахь анеиразы акомпиутертә классқәа, аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы иҷыдоу алабораториақәа. Адәынтәи апрактикақәеи аекспедициақәеи рымҩаԥгаразы афакультет иахәҭоу амаругақәа амоуп.

Астуденттә ԥсҭазаара. Агеографиеи атуризми рфакультет аҿы активла, аинтерес зҵоу астуденттә ԥсҭазааразы аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп. Астудентцәа активла иалахәуп жәларбжьаратәи ауниверситеттәи анаука-практикатә конференциақәа, еиҿыркаауеит атематикатә усмҩаԥгатәқәа ("Ашьхақәа Рымш", "Адгьыл Амш", "аиааира Амш" уб.иҵ.), атуристтә ныҟәарақәа, еиуеиԥшым атуристтә цәыргақәҵақәеи аспорттә усмҩаԥгатәқәеи рҿы волонтиорцәак раҳасабала рхы аладырхәуеит. 

Атуризм акафедра и агеографиа акафедра активла Имҩаԥыргоит Instagram адаҟьақәа.

Иназыцҵоу аҵара. 2016 шықәса раахыс афакультет аҿы қәҿиарала аус ауеит атуризми асасааирҭатә уси русхк аҟны аспециалистцәа разыҟаҵаразы Ацентр, аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи агидцәа-аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи разыҟаҵара апрограмма рыдызгало. Аҵара аҿҳәара: 3 мзы. Ацентр анапхгаҩы-аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Лакербаиа К. Ацентр аус ауеижьҭеи иазырхиоуп 600-ҩык рҟынӡа ззанааҭдырра ҳараку аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, ашьха-шьаҟамҩатә туризм аинструкторцәа, аекскурсиатә фирмақәа рметодистцәа.

Аԥсны агеографиатә еилазаара. Аԥсны агеографиатә еилазаара, 2011 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иаԥнаҵаз, ареспубликаҿы агеографиатә ҭҵаарадырра аҿиаразы акрызҵазкуа плошьадкоуп. Ауаажәларра рхада-агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Ҭаниа И.