Абиолого-географиатә факультет
Ахырхарҭа-Абиологиа
Аушьҭымҭа изанааҭдырра(иҩаӡара) абиологиа абакалавр ауп.
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.
Аау Ос инақәыршәаны абакалаврқәа разыҟаҵара ахьымҩаԥысуа азанааҭтә усура аҵакыра 020400.62 ахырхарҭала "АБИОЛОГИА" азыҟаҵара апрофильқәа: "Аботаника"; "Азоологиа";" ауаҩи аԥстәқәеи рфизиологиа " иаҵанакуеит:
- зыԥсы ҭоу аԥсабареи уи азакәанеизшәарақәеи рыҭҵаара
- анхамҩатәи амедицинатәи хықәкқәа рзы абиологиатә системақәа рхархәара
- аԥсабара ахьчара.
Аау Ос инақәыршәаны аушьҭымҭацәа рзанааҭтә усура аусхк Абиологиа азыҟаҵара ахырхарҭала иҟоуп:
- анаука-ҭҵааратә, анаука-аарыхратә еиҿкаарақәа, аклиникатә лабораториақәа
- аԥсабара ахьчареи аԥсабарахархәара анапхгараҭареи русбарҭақәа
- аҵаратә усбарҭақәеи иҷыдоу аҵараиурҭақәеи (ишьақәыргылоу аԥҟарала).
Аушьҭымҭацәа русура иара убасгьы имҩаԥгахар алшоит зыԥсы ҭоу ацәеижьқәеи аиҿкаара еиуеиԥшым аҩаӡарақәа змоу абиологиатә системақәеи рхархәара иадҳәалоу аусура аусхкқәа зегьы рҿы.
Абакалавриат аушьҭымҭацәа, амагистратура аҵара иацырҵар рылшоит (2 шықәса), уи анхыркәшахалак абиологиа амагистр ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара ранашьахоит.
Ахырхарҭа-Ахимиеи Аекологиеи
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) ахимиеи аекологиеи рбакалавр ауп.
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 5 шықәса.
Аушьҭымҭацәа ахимиеи аекологиеи рган хадақәа зымҽхазкуа инарҭбаау арҵаратә курс иахысуеит. Урҭ областцыԥхьаӡа атеориатәи апрактикатәи аспектқәа ҭырҵаауеит, иара убас аҵаратә еилазаараҿы қәҿиарала аусуразы ихымԥадатәиу арҵаҩратә усура аҟазара роуеит.
Ахимиа аганахьала ахимиатә ҭҵаарадырра ашьаҭақәа, амаҭәашьар аструктура, ахимиатә реакциақәеи урҭ ркинетикеи, аналитикатә методқәеи уҳәа аспектқәа жәпакы еилыркаауеит. Урҭ ахимиатә маҭәашьарқәеи алабораториатә хархәагақәеи аус рыдуларазы апрактикатә ҟазара роуеит, иара убас ахимиатә експериментқәа рымҩаԥгареи реилыркаареи рҵоит.
Аекологиа аганахьала еилыркаауеит зыԥсы ҭоу ацәеижьқәеи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабареи реимадара, абиологиатә еиуеиԥшымра, аекосистемақәа, урҭ русура атәы. Урҭ иҭырҵаауеит иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара апроблемақәа, аҳауеи, аӡи, адгьыли рыҟьашьра, аҳауа аҽыԥсахра, иҭышәынтәалоу аҿиара налаҵаны. Аҵара анырҵо аекологиатә ҭҵаареи, амониторинги, аԥсабара анапхгараҭареи рганахьала апрактикатә ҟазара роуеит.
Уи адагьы астудентцәа қәҿиарала арҵаҩратә усуразы ихымԥадатәиу адыррақәеи аҟазареи рыҭахоит. Урҭ иҭырҵаауеит арҵара апринципқәеи аметодқәеи, арҵаҩратә ԥсихологиа, аҵаратә процесс азԥхьагәаҭареи ахәшьареи ртехникақәа. Уи иабзоураны дара ирылшоит ашколқәеи егьырҭ аҵаратә усбарҭақәеи рҿы ахимиа еиԥш аекологиагьы хра аманы дырҵара.
Аҵыхәтәаны, апрограмма аушьҭымҭацәа ахимиеи, аекологиеи, апедагогикеи рхырхарҭақәа рҿы адыррақәеи акомпетенциақәеи жәпакы рзаԥнаҵоит. Уи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа хра рыманы рырҵареи рааӡареи рзы здырреи зҟазареи рхархәара зылшо арҵаҩцәа азнархиоит, ахимиатә ҭҵаарадырреи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи ҳдунеи иҭышәынтәаланы аҿиаразы аҵак ду шрымоу еилкааны.
Азанааҭ-Амедицинатә биохимиа
Аушьҭымҭа изанааҭдырра-аҳақьым-абиохимик. Аҵара анормативтә ҿҳәара: 6 шықәса.
Аушьҭымҭацәа рзанааҭтә усура аобиектқәа 060601.65 Амедицинатә Биохимиа азанааҭ ала апациент, иара убас агәабзиарахьчараҿы аҭҵаарадырреи атехникеи рхырхарҭақәа роуп, урҭ рахь иаҵанакуеит атехнологиақәа, ахархәагақәа, аҟаҵашьақәа реизак 060606.65 амедицинатә Биокимиа абарҭ азанааҭтә усура ахкқәа аҽазнархиоит:
· ахәышәтәра-диагностикатә
· амедико-рккаратә
· аиҿкаара-напхгаратә
· анаука-ҭҵааратә
· арҵаҩратә.
Азыҟаҵара ахырхарҭала аҵара даналга 060601.65 Амедицинатә Биохимиа аквалификациа инаваргыланы "аспециалист" аҳақьым ҳәа ахьӡ ҷыда ианашьахоит. хырԥашьа змам аҭагылазаашьақәа раан ахәышәтәра-диагностикатәи раԥхьатәи аҳақьымтәи цхыраара
Азанааҭ-Афармациа
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – аспециалист/апровизор
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 5 шықәса.
Аушьҭымҭа изанааҭ ала изанааҭтә усура аобиектқәа 33.05.01 Афармациа ахәшәқәа рхархәара аусхк ауп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аус адулара, аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа, аҭыжьра, аҟаҵара, аҵәахра, аилаҳәара, амҩангара, аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара, астандартизациеи ахаҭабзиара ахылаԥшреи, аҭира, адыргаҭара, аӡыргара, ахәшәқәа рхархәара, иԥхасҭахаз ахәшәқәа, мамзаргьы зыҿҳәара цахьоу ахәшәқәа рықәхра, насгьы ахәшәқәеи, аиммунологиатә хәшәқәеи, анаркотикатә хәшәқәа рхархәараҿы егьырҭ аусқәа азанааҭтә усура Ахкқәа, урҭ рҽырзыҟарҵоит аквалификациа "Апровизор"занашьаны аспециалитет апрограмма знапаҿы иаазгаз аушьҭымҭацәа: · афармацевтикатә; · аексперт-аналитикатә; · аиҿкаара-напхгаратә; · анаука-ҭҵааратә.ахархәагақәа, апсихотроптә маҭәашьарқәа, иара убас афармацевтикатә ассортимент егьырҭ атауарқәа
Ахырхарҭа-Абнатә ус
Аушьҭымҭа изанааҭдырра (иҩаӡара) – абакалавр.
Аҵара анормативтә ҿҳәара: 4 шықәса.
Иарбоу азыҟаҵара ахырхарҭала ААУ Ос инақәыршәаны абакалаврцәа рзанааҭтә усура аобиектқәа иреиуоуп:
1) Еиуеиԥшым аҩаӡарақәа змоу Абнатә екосистемақәа, арҭ асистемақәа ркомпонентқәа ҳасаб рзуны
2) Абнатә плантациақәа, адекоративтә питомникқәа, иԥсабаратәым абнатә ҵиаақәа, абнапаркқәа, аԥсабарахьчаратә комплексқәа
3) Ҷыдала ихьчоу аԥсабаратә обиектқәа: аҳәырԥсаррақәа, абчараҳырҭақәа, амилаҭтә паркқәа, аԥсабара абаҟақәа уб. иҵ. аобиектқәа, иуникалтәу аԥсабаратә обиектқәа, аҵиаақәа ргенофонд реиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны, абнатә ресурсқәа реиҭарҿиаразы аоптималтә ҭагылазаашьақәа реиқәыршәара
4) Абнақәа Реиҭарҿиара. Абнақәа рҭагылазаашьа амониторинг, абнақәа разԥхьагәаҭареи рнапахьы раагареи рметодқәа, рыхьчара, урҭ рхархәара ахылаԥшра назлоу.
5) абнақәа Рнапхгара ауаажәларра абнақәеи абнатә ресурсқәеи рҭахрақәа рынагӡаразы ахықәкырацәатә, рационалла, иааиԥмырҟьаӡакәа, ҵыкәкәарада абнақәа рхархәара алыршаразы
6) аԥсабаратә, атехногентә, аурбанизациа зызуу аландшафтқәа рҿы Аинвентаризациеи акадастртә ҳасаббареи
7) абнақәа Рыхьчара, ахықәкырацәатә рационалтә, иааиԥмырҟьаӡакәа, ҵыкәкәарада абнақәа рхархәара алыршаразы.
AB
RU