Иаарту ашәқәа рымш ААУ аҟны

Ԥхынгәымза 20 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит Иаарту ашәқәа рымш. Аҵараиурҭа иаҭааит ашколқәа роушьҭымҭацәеи урҭ рҭаацәеи.

Ишаԥу еиԥш афакультетқәа рҟны абитуриентцәа ироурц рылшон аҭыӡқәа рҟны аинформациа, аԥышәарақәа рахысразы ирыдыргалон арҵаратә-методикатә литература, насгьы  ари амш азы абитуриентцәа ирыман алшара адеканцәеи ауниверситет анапхгареи азҵаарақәа рыҭара.



Шьҭахьҟа ахынҳәра
Иаарту ашәқәа рымш ААУ аҟны | Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет