Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы ақәиҭтәра амш инамаданы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа раан иҭахаз ргәалашәара иазку абаҟа ргылахараны иахьыҟоу ахаҳә амҵан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шш.) рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 94-ҩык Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәеи астудентцәеи.
Хашҭра рықәым аиааиреи аҭынчреи ҳзаазгаз! Наӡаӡа рыхьӡ кашәара ақәым!
- Аҭоурых
- Аҵарауаа рхеилак
- Ахадара
- Аҟәшақәа
- Аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша
- Аусзуҩцәа
- Авидео
- Афото
- Шәыҽҳамашәдар шәылшоит
AB
RU