Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит афизика-математикатә факультет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара реихшьалатә ҭҵаарадырратә-практикатә конференциа. Афизика-математикатә факультет аҟны имҩаԥысраны иҟоу аконференциа еихшоуп х-секциакны: аматематика асекциа, ахархәаратә математикеи аинформатикеи рсекциа, афизика асекциа. Зусура хацзыркыз аконференциа иацҵахоит амчыбжь нҵәаанӡа. Иахьазы имҩаԥысит аматематика асекциахь иаҵанакуа апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара ражәахәқәа ԥшьба азыӡырҩрра. Иааиуа амчыбжьазы аусура иацнаҵоит афизика-математикатә факультет астуденцәа реихшьалатә ҭҵаарадырратә-практикатә конференциа.
- Аҭоурых
- Аҵарауаа рхеилак
- Ахадара
- Аҟәшақәа
- Аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша
- Аусзуҩцәа
- Авидео
- Афото
- Шәыҽҳамашәдар шәылшоит
AB
RU