Рашәарамза 3 рзы адипломтә усумҭакәа рыхьчара иацҵан афилологиатә факультет – абызшәадырыҩцәа ргәыԥ ҽынлатәи аҟәшаҽы.
Аԥышәаратә комиссиа хантәаҩра азиуан афилол.ҭҵ.ркан., алитератураҭҵааҩы У.Ш.Аҩӡба, ахантәаҩы имаӡаныҟәгаҩ афилологиатә факультет адекан, адоцент Б.А. Хагәышь.
Акомиссиа иалахәын - афилол.ҭҵ. рдоктор, апрофессор, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы О.П.Ӡари-иԥа, афилол.ҭҵ.рдоктор, апрофессор В.А.Чыркба, иара убас адипломтә усумҭақәа рнапхгаҩцәа.
Зынӡаск адипломтә усумҭақәа жәаба ыҟан, уамашәа иубартә акакәны иҟан ҳәа дахцәажәеит ААУ аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы О.Ӡари-иԥа: «Аҭагылазаашьа злаҟоу ала – абиблиотекақәа шарку, акьыԥхьра шыҟам, алитература рхы иархәаны адипломтә усумҭақәа аздырхиеит ишахәҭаз еиԥш еиқәыршәаны; ахҟьа аҭаны, арецензиақәа аҭаны, иазнеит иурҽхәаратәы»
Атемақәа еиуеиԥшымызт, алексика иадҳәалаз ыҟан, абызшәа иадҳәалаз ыҟан, аԥсуа-адыга бызшәа аиҿырԥшра, аграмматика аганахьала аиҿырԥшра ахьыҟаз ыҟан, аҵарауаа рырҿиареи рлагалақәеи аарԥшын, абасала аинтерес рыҵаны иаарԥшын аусумҭақәа.
Аушьҭымҭацәа рҟынтә иҟоуп рпрофессионалтә занааҭла аус зуа ашколқәа рҿы, ателехәаԥшраҿы, абиблиотекақәа рҟны.
AB
RU