ААУ имҩаԥгахоит Владимир Харлов илекциа

ААУ имҩаԥгахоит Владимир Харлов илекциа

Цәыббрамза 21 азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгахоит Аҩадатәи амшынтә мҩа Ассоциациа алахәылаҩцәа русеицуразы Апрезидент ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи А́ҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиаразы иаԥҵоу Арктикатә Хеилак аусуратә гәыԥ алахәыла Харлов Владимир Галлактион-иԥа илекциа.

Владимир Галлактион-иԥа напхгара зиҭо Асоцциациа ахықәкы хадақәа иреиуоуп Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара жәларбжьаратәи аусеицуразы иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵареи, насгьы, атәылақәа рыбжьара аԥышәаеимдареи рауп.

Алекциа мҩаԥгахоит ААУ амфитеатр аҟны асааҭ 12.00 рзы.

Шьҭахьҟа ахынҳәра
ААУ имҩаԥгахоит Владимир Харлов илекциа | Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет