ААУ аколлектив иирамш идырныҳәалоит аҵараиурҭа актәи апроректор

ААУ аколлектив иирамш  идырныҳәалоит  аҵараиурҭа актәи  апроректор

  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аколлектив иирамш идырныҳәалоит ауниверситет аҵараус азы актәи апроректор, аҵарауаҩ, аорнитолог, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Виқтор Илиа-иԥа Маланӡиа.
Виқтор Илиа-иҧа Маланӡиа дравторуп 60 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Редакторси рецензентси дрымоуп жәабала амонографиақәеи, аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәеи, арҵара-методикатә материалқәеи, иара убасгьы, иреиҳау аҵара иадҳәалоу анормативтә документқәеи.


 Ҳаҭыр зқәу Виктор Илиа-иԥа! Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҵараус аҿы шәлагалеи шәааԥсарақәеи рацәоуп, имаҷҩымкәа ишәааӡахьеит аспециалистцәа ҿарацәа.

 Гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәнапы злаку арҵара уси аҭҵаарадырреи рҟны ақәҿиарақәа!

Шьҭахьҟа ахынҳәра
ААУ аколлектив иирамш идырныҳәалоит аҵараиурҭа актәи апроректор | Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет