ААУ 90-шықәса ахыҵра иазку апрофессор-рҵаҩратә еилазаара рыҭҵаарадырра-практикатә конференциа

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны имҩаԥысит ААУ 90-шықәса ахыҵра иазку апрофессор-рҵаҩратә еилазаара рыҭҵаарадырра-практикатә конференциа.

Аконференциа рхы аладырхәит аурыс бызшәеи, аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи,     аԥсуа литературеи,  аԥсуа бызшәеи, англызи анемеци бызшәақәеи рсекциақәа.

Аԥсуа литература аҟәша напхгара алҭон адоц. Аџьынџьал Д.С.

Ажәахәқәа рыманы иқәгылеит:

Аџьынџьал Д. С. адоц. – «Аԥсуа жәлари Асдуи» Ал. Гогәуа ироман  «Асду» аҟны»;

Џьапуа З. Џь. афилол. ҭҵ. рд., апроф. акад.– «Абхазский нартский эпос: о некоторых итогах и перспективах изучения»;

Тапаӷәуа С. А. адоц. – «Таиф Аџьба ахәыҷқәа рдунеи азышәаҳәаҩ.»;

Кәаӷәаниа В. А.  апроф., афил. ҭҵ. рдокт. – « Таиф Аџьба литературатә  критикк  иаҳасабала»;   

 Чуреи Тыжын Али  афилол. ҭҵ. рдоқтор – «Некоторые актуальные проблемы музыкального фольклора абхазов»;

Ашәба А.Е.  адоц. – «Аевристикатә метод ала аурок амҩаԥгашьа»;

Габниа Д.Н. арҵ. еиҳ. - Ал. Гогәуа иҩымҭақәа «Елана», «Амацәыс агьама», «Аси амацәыси», «Амра аԥсы шҭаз» рҿы аҳәса рхаҿсахьа аарԥшраҿы асахьаркыратә тропқәа рхархәашьа»;

Ахсалба Г. К. арҵ. еиҳ. «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи А. Гогәуа иажәабжьқәа рпоетика аҷыдарақәа»;

Анқәаб А.В.  арҵ. еиҳ. «Абрскьыл икәасҭха ааиҩызшаз» (Абаза милаҭ ҩыра 90ш. иазкны)»;

Гыцба И. Г. арҵ.- «Аепитет иадҳәалоу атеориатә зҵаатәқәа»;

Бебиа Е.Гь. апроф.  «Аԥсуа университет иацы, иахьа, уаҵәтәи ҳара ҳԥеиԥш» (авидеонҵамҭақәа рырбарала);

Аршба М.В.  арҵ. – «Аепикатә рҿиамҭақәа дырҵаразы аметодикатә знеишьақәак»;

Шьакаиа А.Р. «Аҭоурых зырҩашьо аамҭа» - анапхгаҩы афилос. ҭҵ. рд. , апроф. Амқәаб Гә.А.;

Инаԥшьба А. Г. аспирант, «Апеизаж Анатоли Аџьынџьал ипоезиаҟны».

Аԥсуа бызшәа аҟәша напхгара аиҭон афилол. ҭҵ. рд.,   апроф. Ӡиӡариа О.П.

Ажәахәқәа рыманы иқәгылеит:

 Ӡиӡариа О. П. афилол.ҭҵ.рк.апоф. – «Об этимологии некоторых лексем»;

  Саманба Л. Х афил.ҭҵ.рк.апроф. – «Ажәаҵарқәа аԥсуа   бызшәаҿы»;

 Ҭаниа Е. Ш. афил.ҭҵ.рк. адоц.  – «Аҩнатә ԥсаатә  азырбо алексика аԥсуа бызшәаҿы»;

Анқәаб А.Е. арҵ. - Агазеҭ «Аԥсны  ҟаԥшь» ианыԥшуа абызшәатә ҷыдарақәа»;

Ҭаниа Р. Ш. арҵ. «Аҳаҭырқәҵара иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы»;

 Барцба Р. А. арҵ. «Ашьҭыбжьҿырԥшратә ажәақ́әа рфонетикатә шьақәыгылашьа (ацыбжьыҟақәа рклассификациа ашьаҭала);

 Ажьиба А.Ш  - апроф. «Алексика аҵакы абызшәа ззымдыруа астудентцәа дырҵараҿы»;

Шамба Д.В   адоц. «Аҟаҵарба аҵаки аформеи зыԥсахуа афиксқәа дырҵараҿы астудентцәа ирԥыло ауадаҩрақәа»;

 Кварҷелиа Ф.З  адоц. «Апублицистикатә стиль иазку згәаҭарақәак»;

 Шьынқәба А.Шь.  арҵ.еиҳабы  - «Аҟаҵарба аамҭатә формақәа рырҵашьа»;

 Сақаниа Р. Л.  арҵ.еиҳабы «Аформант «ла» ахьыӡҟа анҵәамҭаҿы»;

Ҷыҭанаа Л.С арҵаҩы – «Аԥсуа бызшәа ззымдыруа афилологиатә факультет астудентцәа ирԥыло афонетикатә гхақәа аус рыдулашьа»;

 Чхамалиа А. А. арҵ. еиҳ. – «Анапҟазара алексика аԥсуа бызшәаҿы адәынтәи аметериалқәа рыла»;

Англызи анемеци бызшәақәа рсекциа напхгара алҭон адоц. Герхелия Г.К.

Ажәахәқәа рыманы иқәгылеит:

Адоц.Чалмаз С. Д. - "апатриархалтә Чегем аҭагылазаашьаҿы аҳәса рҟазшьа Амагиа ( ановелла "Тали – Чегём иџьашьахәы " афырԥҳәызба хада лҿырԥштәы ала) Ф. Искандера

 Адлеиба Л.Ф. адоц. "Aber адверсативтә еидгылақәа реиҿырԥшратә анализ, аха уа. насгьы абх. абызшәақәа"

Лазарева Ф.С. арҵ.еиҳ. – «Из наблюдений над переводом трагедии Шекспира «Отелло» на абх. язык»;

 Качарава З.М. арҵ.- «Атәыладырра иадҳәалоу арҵагатә материал агерм. быз. аҵара аурок алагалара»;

Аурыс бызшәеи, аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи рсекциа напхгара алҭон адоц. Бахиа Н.Г.

Ажәахәқәа рыманы иқәгылеит:

 Бахиа Н.Г. адок. Бахи Н. Г "Ф. М. Достоевски аҳәынҭқарреи, адинхаҵареи, ауахәаматә ӡбарҭеи рзы"

Кобахиа Е.В  арҵ.еиҳ. «Художественные вселенные Ф. Искандера и основы ее существования» (на материале романа «Сандро из Чегема» и повести «Кролики и удавы»);

 Ладариа а.Д. адок.- "Аурыс жәаԥҟақәеи ажәаԥҟақәеи рҿы ахәшьаратә ҟазшьарбагақәа амилаҭтә менталитет аарԥшра аҳасабала"

Дауҭиа Ф.В    адоц.  – «Особенности  научного дискурса»;

Марганиа Л.Б адоц. "Асахьаркыратә текст абызшәатә елементқәа"

Кварчиа В.Б     арҵ.  – «Абхазизмы в прозе Ф. Искандера»;

Саакиан Р. С.  арҵ. еиҳ. – «Развитие русской речи учащихся многонациональной школы Абхазии средствами произведений живописи»;

Аконференциа аиҿкааратә комитет:   афил.факультет адекан, афил. ҭҵ. рканд., адоц.  Баҭал Антипа-иԥа Хагәыш;  аԥсуа литература акафедра аиҳабы, афил.ҭҵ.рдоктор Диана Серапион-иԥҳа Аџьынџьал; аԥсуа бызшәа акафедра №1 аиҳабы, апроф. Оҭар Платон-иԥа Ӡиӡариа; англызи анемеци бызшәақәа ркафедра аиҳабы, афил.ҭҵ.рканд., адоц. Гәында Константин-иԥҳа Герхьелиа; афилол.фак. адекан ихаҭыԥуаҩ, адоцент Рита Омех-иԥҳа Ачба.

Шьҭахьҟа ахынҳәра