
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, Аҵарауаа рхеилаки, апрофессорра-рҵаҩратә еилазаареи рыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра. Аминистрра аԥҵан ҳтәылазы иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анцоз. Убри инаркны иахьа уажәраанӡа Аминистрра ҳтәыла адәныҟаполитикатә интересқәа рыхьчараҿы иалнаршахьоу шьардоуп.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы напхгара арҭон Саид Ҭаркьыл, Сократ Џьынџьал, Леонид Лакербаиа, Константин Озган, Игор Ахба, Сергеи Шамба, Максим Ӷәынџьиа, Виачеслав Чрыгба, Даур Ақаҩба, Инал Арӡынба. Ҳара даараӡа ахә ҳаракны иаҳшьоит иахьа Шәара министр ҿыцк иаҳасабала имҩаԥыжәго аусура: шықәсырацәалатәи аԥышәа ҳасаб азуны, еихаҳауа, ҩаӡара ҳаракыла анҭыҵ ҳтәыла ахьӡырыжәго, уи аинтересқәа рыхьчараҿы ижәбо аџьабаа.
Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, аԥсуа дипломатцәа ҿарацәа рааӡараҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусурагьы. 2003 шықәсазы Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ҳареи ҳусеицура иабзоураны, ҳмилаҭтә ҵараиурҭа аҭоурыхтә факультет аҟны иаартын акафедра ҿыц – «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи рытеориеи», иагьалагалан азанааҭ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа». Ари аамҭа иалагӡаны акафедра иазыҟаҵаны иоунажьхьеит имаҷҩымкәа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи аконфликтологиеи рганахьала аквалификациа ҳаракы змоу аспециалистцәа. Даарагьы игәахәароуп урҭ рахьтә аӡәырҩы иахьа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи рҟны аус ахьыруа.
Сара гәык-ԥсыкала ирыдысныҳәалар сҭахуп иара убасгьы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра уаанӡа аџьабаа азызбоз, иахьа аус шәыцызуа шәколлектив зегьы. Ишәзеиӷьасшьоит шәнапы злаку аҭакԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә усураҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи!
Ҳаҭырла,
АРЕКТОР А. А. ГӘАРАМИА
Ақ. Аҟәа
15.05.2026 ш.
AB
RU