Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иахьа аҩбатәи амшуп Аԥсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәа ирзырхоу аолимпиада - «Аҳаракырахь амҩа 2022!» аусура иацнаҵоижьҭеи. Аолимпиада хырхарҭала аусура иалагаанӡа, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара рзы аилацәажәара мҩаԥигеит аректор, академик Алеко Гәарамиа. Аолимпиада «Аҳаракырахь амҩа 2022!» рхы аладырхәырц иахьа иааит 111-ҩык Аԥсны араионқәа рышколқәа рҵаҩцәа. Урҭ рхы ԥыршәон анаҩстәи ахырхарҭақәа рыла: аматематика - 2-ҩык; ахархәаратә математикеи аинформатикеи -24-ҩык; аекономика -22-ҩык; аменеџьмент -7-ҩык; аҭоурых -25-ҩык; Аԥсны аҭоурыхи азин ашьаҭеи - азанааҭ азиндырра - 22-ҩык; афизика - 2; агронџьныртәи -2-ҩык; афымцаенергетикеи аелектротехникеи - 5-ҩык. Аолимпиада «Аҳаракырахь амҩа 2022!» аихшанҵа инақәыршәаны иахьазы аҵаҩцәа иарҭон – аматематикеи, аҭоурыхи, Аԥсны аҭоурыхи азин ашьаҭеи, афизикеи амаҭәарқәа. Иазгәаҭатәуп, аолимпиадаҟны иқәгылоу азҵаарақәа зегьы шеиқәыршәоу аҵаҩцәа рышколтә программа инақәыршәаны.
- Аҭоурых
- Аҵарауаа рхеилак
- Ахадара
- Аҟәшақәа
- Аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша
- Аусзуҩцәа
- Авидео
- Афото
- Шәыҽҳамашәдар шәылшоит
AB
RU