III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "аглобализациа аепоха аан Аетноси акультуреи"

АҞӘА, рашәара 27 - "Аԥсуа университет", Алхас Чхамалиа. 

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысуеит III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "аглобализациа аепоха аан Аетноси акультуреи".
Иахьа имҩаԥысит апленартә еилатәара, уи рхы аладырхәит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха, ААу афилософиеи акультурологиеи ркафедра аиҳабы Иван Ҭарба, ауниверситет арҵаҩцәа, Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рхаҭарнакцәа, иара убас астудентцәеи аспирантцәеи.
Аконференциа еиҿыркаауеит: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә аграртә университет, Урыстәыла-Аерман (Аславиан) университет, Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә Университет.
Аконференциа алахәылацәа рахь адныҳәаларатә ажәа ҟаиҵеит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа. 
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха далацәажәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничества ахаҭарнакра аусура аформат ҿыцқәа, ҷыдала атәыла араионқәа рҿы акультура-ҵарадырратә експедициақәа ртәы.
Ажәахәқәа ҟарҵеит: д. ф., апрофессор, ажурнал "афилософиа Азҵаарақәа" аредактор хада; Борис Пружинин, д.ф., Москватәи арҵаҩратә ҳәынҭқарратә университет афилософиа акафедра апрофессор Татиана Шьчедрина, д .ф ., Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә аграртә университет афилософиа акафедра апрофессор Валери Обухов, д-ф , д -ф . , ААУ афилософиеи акультурологиеи ркафедра апрофессор Иван Ҭарба, д, ф . аау афилософиеи акультурологии ркафедра адоцент Мзиа Кәыҵниа, д А. И. Герцена Олег Гелих, д.ф., Ниу Вше аординартә профессор Татиана Сидорина.
ААУ Аҵарауаа Рхеилак аӡбарала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор ҳәа ахьӡқәа ранашьоуп Борис Пружинини Валери Обухови.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырган аурыс-аԥсуа философиатә-уаажәларратә альманах "Ацаԥха", уи 13-тәи аҭыжьымҭаҿы икьыԥхьуп Аԥснынтәи аҵарауаа рыстатиақәа: И.Ҭарба, М. Кәыҵниа, К. Думаа, А. Папасқьыр, Кь. Гожев.
Аконференциа хыркәшахоит рашәара 28 рзы.
Аконференциа аихшьаалақәа рыла икьыԥхьхоит аҭҵаарадырратә усумҭақәа релектронтә еизга.

Афото: © А. А. Чхамалиа


Шьҭахьҟа ахынҳәра