Аинформациа-ҳасабратә центр

Ацентр хықәкы хадас иамоуп афакультетқәеи, акафедрақәеи, еиуеиԥшым аҟәшақәеи, амаҵзурақәеи аҵаратә процесси аҭҵаарадырратә усуреи ринформатизациа атехнологиатә платформа ала реиқәыршәара:

  • Алокалтә ҳа аглобалтә ҳақәа ринтеграциа алзыршо ауниверситет иаку аинформациатә ҳа аԥҵареи аҿиареи.
  • Аҵарадырра ахаҭабзиара аизырҳареи аҵаратә процесс аиҿкаара аиӷьтәреи рзы апрограмматә хархәагақәа ралагалареи рыцныҟәареи.
  • Афакультетқәеи, акафедрақәеи, иара убас ауниверситет еиуеиԥшым аҟәшақәеи амаҵзурақәеи аппараттәи рыпрограмматәи хархәагақәа рыла реиқәыршәаразы аесперт-консультациатә маҵзурақәа рымҩаԥгара.
  • Атехнологиатә платформа аԥҵареи ААУ аелектронтә ҵаратә ресурсқәа раԥҵареи рыкаҭеи рзы афакультетқәеи акафедрақәеи русурақәа техникала реиқәыршәареи.
  • Акомпиутертә классқәа раппарат-программатә комплексқәа русуреи рхархәареи.
  • Ҳаамҭазтәи аинформациатә технологиақәа аҵаратә процесси анапхгараҭаратә усуреи рҿы рхархәара аганахьала аконсультациатә маҵзурақәа рымҩаԥгара.
  • ААУ аофициалтә Internet асаит аус адулареи амҩаԥгареи.
  • Агәҭаны аҭыԥ змоу аԥсшәахь Спо "Линукс"адгылара аҭара
  • Акомпиутертә системақәеи аҳақәеи русура анализ азуреи атестқәеи рымҩаԥгареи аҳасабратә техника ахархәагақәа раарыхра-ремонттә база аԥҵареи, аҳасабратәи, аиҿкаатехникеи, аҳатә хархәагақәеи ртехникатәи рмаҵзура: ААУ акомпиутертә ҳақәа ртехникатә маҵзуреи рыҿиареи аҳатә коммуникациақәеи акоммуникациатә хархәагақәеи рнеиразы аелектронтә ҳақәа налаҵаны, аҳасабратә техника ахархәагақәа реиҭашьақәыргылара аиҿкаара.

Шьҭахьҟа ахынҳәра