Апсихологиа-рҵаҩратә Центр

Ацентр миссиа хадас иамоуп ААУ аҵаратә процесс асубиектқәа зегьы апсихологиа - рҵаҩратә цхыраара рыҭара, ас еиԥш ауааԥсыра рҭахрақәа инарықәыршәаны амаҵзурақәа рыҭара.

Ацентр аԥҵан мшаԥымза 13, 2012 ш. аусура ахырхарҭа Хадақәа:

  • Ауниверситет аҵаратә процесс аҿиареи аиӷьтәреи рылахәхара
  • Асоциал – ԥсихологиатә ҭҵаарақәеи Нир-и рымҩаԥгара
  • Астудентцәа-апсихологцәа абланктәи акомпиутертәи тестқәа, апсиходиагностикатә, апсихопрофилактикатә, апсихкоррекциатә усура апрактика дырҵара
  • Аԥсихологиатә цхыраара зҭаху атәылауаа рыԥсиходиагностикатә гәаҭареи рконсультациеи.

Апсихологиа-рҵаҩратә центр имҩаԥнагаз аусмҩаԥгатә хадақәа:

  • Аҟәа ақалақь ашколтә ԥсихологцәеи Аԥсны амчратә структурақәа рыԥсихикатә маҵзурақәа русзуҩцәеи рзанааҭтә дырра аизырҳара акурсқәа.
  • ААУ актәи акурсқәа рыстудентцәа иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара рҽазыҟаҵареи адаптациатә лшарақәеи рыԥсихологиатә зыҟаҵареи рыҭҵааразы анаука-ҭҵааратә усура.
  • Аԥсихологиатә цхыраара иаҳәаз атәылауаа ԥсихологиатә тестла рыҭареи рабжьгареи.

Шьҭахьҟа ахынҳәра