- Аҭоурых
- Аҵарауаа рхеилак
- Ахадара
- Аҟәшақәа
- Аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша
- Аусзуҩцәа
- Авидео
- Афото
- Шәыҽҳамашәдар шәылшоит
Аҭҵаарадырреи аспирантуреи рыҟәша
Аҟәша аиҳабы: Риабова Анна Станислав-Иԥҳа
Аспирантура аиҳабы: Смыр Нина Хакибе-Иԥҳа
E-mail: nauka.agu@mail.ru
Аусура аграфик: пн-пт, 9.00-17.00, сб-вс-аԥсшьарамш
Аҟәша аусура ахықәкы
Аспирантураҿы анаука-рҵаҩратә кадрқәа разыҟаҵара аиҿкаара.
Аҟәша афункциақәа
• анаука-рҵаҩратәи аҭҵаарадырратәи кадрқәа разыҟаҵара азҵаарақәа рзы хыхь иҟоу аусбарҭақәа рыдҵақәеи рыдҵаҟаҵаратә документқәеи ианаамҭоу рынагӡара алыршара
• ауниверситет аҿы имҩаԥгахо анаука-рҵаҩратәи аҭҵаарадырратәи кадрқәа разыҟаҵара ахылаԥшра
• Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи Рминистрреи егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи анаука-рҵаҩратәи аҭҵаарадырратәи кадрқәа разыҟаҵара азҵаарақәа рзы аоперативтә еимадара амҩаԥгара
• акафедрақәа, афакультетқәа рнапхгаҩцәа, аҭҵаарадырратә напхгаҩцәа аҵараиурҭашьҭахьтәи азанааҭтә ҵара аҿиареи анаука-рҵаҩратәи аҭҵаарадырратәи кадрқәа разыҟаҵареи рзы анормативтә документқәа рзы адырра рыҭара
• аспирантурахь адкыларазы агәаҭаратә цифрақәа рыпроектқәа аус рыдулара
• ауниверситет Ахеилак, аректорат рҵарауаҩ иилатәарақәа рҿы алацәажәаразы иреиҳаӡоу аквалификациа змоу акадрқәа разыҟаҵара азҵаарақәа рзы аматериалқәа разырхиара
• Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи Рминистрра есышықәса ишьақәнарӷәӷәо адкыларатә гәаҭаратә цифрақәа инарықәыршәаны, ианаамҭоу аспирантурахь адкылара аиҿкаара
• аспирантура иҭало рдокументқәа рыдкылара амҩаԥгара
• адкыларатә ԥышәарақәа рахь анашьҭреи аспирантура ахыԥхьаӡалареи рзы адкыларатә комиссиа аусуразы аматериалқәа разырхиара
• адкыларатә ԥышәарақәа рыдкылареи аспирантура ахыԥхьаӡаларазы адкыларатә комиссиа аилатәарақәеи реиҿкаара
• аҵарауаа рыҩаӡарақәа рыԥшааҩцәа рыдҵара аиҿкаара
• аспирантцәа ралаҵареи, рхыхреи, азыԥшааҩцәа рыдҵареи рзы адҵақәа рыпроектқәа рышьақәыргылара
• аспирантцәеи азыԥшааҩцәеи рхатә усқәа рымҩаԥгара
• ауниверситет аҿы иреиҳаӡоу аквалификациа змоу акадрқәа разыҟаҵара азы аинформациатә база ашьақәыргылара
• акандидаттә ԥышәарақәеи аспирантура аҭаларатә ԥышәарақәа рыдкыларазы акомиссиақәа реилазаарақәа ианаамҭоу рышьақәыргылара
• ауниверситет аҿы иреиҳаӡоу аквалификациа змоу акадрқәа разыҟаҵара аҭагылазаашьазы аҳасабырбақәа реиқәыршәара
• ауниверситет егьырҭ аҟәшақәеи, астатистикатә усбарҭеи, хыхь иҟоу аинстанциақәеи рахь анаука-рҵаҩратәи аҭҵаарадырратәи кадрқәа разыҟаҵаразы адыррақәа рыдгалара
• аспирантцәа астипендиақәа рзыԥҵәара
• аспирантурахь акандидатцәа аус рыдулара аиҿкаара
• анаука-рҵаҩратәи аҭҵаарадырратәи кадрқәа разыҟаҵара азҵаарақәа рзы ауниверситет аиҿкаарақәеи аструктуратә ҟәшеиҵақәеи аус рыцура
• аспирантцәеи аусурҭа зыԥшаауеи рыдкылара аҭҵаарадырратә напхгаҩцәеи акафедрақәа реиҳабыцәеи иреиҳаӡоу аквалификациа змоу акадрқәа разыҟаҵара азҵаарақәа рзы аконсультациа рзура.
AB
RU