- Аҭоурых
- Аҵарауаа рхеилак
- Ахадара
- Аҟәшақәа
- Аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша
- Аусзуҩцәа
- Авидео
- Афото
- Шәыҽҳамашәдар шәылшоит
Аҵара-методикатә ҟәша
Аҟәша аиҳабы: апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ ҳаҭыр зқәу апрофессор Сковин Евгени Виктор-Иԥа
Телефон: +7 (940) 961-63-65
E-mail: skovin.e@mail.ru
Аусура аграфик: пн-пт, 9.00-17.00, сб-вс-аԥсшьарамш
Аҟәша ауниверситет аструктуратә ҟәшоуп, аҵара-методикатә усура аиҿкаара мҩаԥнагоит:
- Аҽазыҟаҵара ахырхарҭақәа рыла ихадоу арҵаратә программақәа анормативтә, апроект-технологиатә, аресурстә еиқәыршәара азы акафедрақәеи афакультетқәеи рҵара-методикатә усура анапхгара
- Афакультетқәа рҵара-методикатә комиссиақәа, ихадоу арҵаратә программақәа рмодульқәа рҵага-методикатә комплексқәа аус рыдулара акафедраҿы аҭакԥхықәра зду адеканцәа рхаҭыԥуаа русура ахылаԥшра
- Аҵаратә дисциплинақәа русуратә программақәа аус рыдулареи аҵаратә процесс аҵара-методикатә еиқәыршәареи рзы арҵаҩцәа русура амониторинг
- ААУ арҵаҩцәа рырҵага шәҟәқәеи, арҵагатә цхыраагӡақәеи, рмонографиақәеи, егьырҭ аҭҵаарадырратә усумҭақәеи рҭыжьра аҽазыҟаҵаразы аусурақәа ркомплекс амҩаԥгара
- Аҟәша аусура ахырхарҭақәа ирызку анормативтәи аиҿкаара-еиҿкааратәи документқәа аус рыдулара
- Адунеи аҿы иналукааша аҵаратә усҳәарҭақәа рԥышәа аԥхьагылара аҭҵаареи аларҵәареи, уи аҵара-методикатә усура аганахьала ауниверситет аусура аиӷьтәразы ахархәара хықәкыс иҟаҵаны.
AB
RU