- Аҭоурых
- Аҵарауаа рхеилак
- Ахадара
- Аҟәшақәа
- Аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша
- Аусзуҩцәа
- Авидео
- Афото
- Шәыҽҳамашәдар шәылшоит
Арҵаратә ҟәша
Аҟәша аиҳабы: Ҳаразиа Наҭела Ароновна
Телефон: +7 (840) 223-10-03
Аусура аграфик: пн-пт, 9.00-15.30, сб-вс-аԥсшьарамш
Арҵаратә ҟәша афункциақәа
Арҵаратә ҟәша афункциа хадақәа иреиуоуп:
ААУ аҿы инагӡахо арҵаратә формақәа зегьы рыла ауниверситет афакультетқәеи, акафедрақәеи, егьырҭ арҵаратә ҟәшақәеи рҿы аҵаратә процесс аиҿкаара ахылаԥшра
аҵарадырра ахаҭабзиара амониторинг
ауниверситет афакультетқәеи егьырҭ арҵаратә ҟәшақәеи рҵаратә усура амҽхак ианаамҭоу аиқәыршәареи ашьақәырӷәӷәареи, апрофессор-рҵаҩратә еилазаара аҵаратә қәыӷәӷәарақәа реихшареи рынагӡареи ахылаԥшра
аспециалистцәа разыҟаҵара азанааҭқәеи ахырхарҭақәеи рыла аҵаратәи аусуратәи планқәа рышьаҭала аҵаратә процесс аграфикқәеи аиндивидуалтә планқәеи рышьақәыргылареи рынагӡареи рхылаԥшра, урҭ ианаамҭоу рынагӡара ахылаԥшра.
Арҵаратә ҟәша ауниверситет аструктуратә ҟәшақәа зегьы аус рыцнауеит иара идҵоу ахыдҵақәеи афункциақәеи рҳәаа иҭагӡаны:
Иҳанаҭоит:
-акадрқәа рыҟәшеи аҳасабеилыргареи рахь апрофессор-рҵаҩратә еилазаара сааҭктәи аидара аԥхьаӡара
- адеканатқәа рахь адеканцәа рхарҭәаареи рнапаҵаҩреи рзы иџьбароу аҳасабырба абланкқәа
-авиза аҭаразы аҵаратә усура азҵаарақәа рзы адҵақәа рыпроектқәа аиуристтә ҟәшахьы
- акафедрақәа рахь апрофессор-рҵаҩратә еилазаара сааҭктәи аидара аԥхьаӡареи аҵаратә усура азҵаарақәа рзы аматериалқәеи
- аҳасабеилыргарҭахь аусзуҩцәа русуратә аамҭа аҳасаббара атабель
Получает:
- адеканатқәа рҟынтәи академиатә еилыркаагақәеи адипломқәа рыцҵақәеи иџьбароу аҳасабырба абланкқәа рҿы, астудентцәа рзы аинформациа, аспециалистцәа рзанааҭтә дырра аизырҳареи рзанааҭтә ҽазыҟаҵареи рфакультет адеканатаҿы, аҵарашықәс азы Ппс сааҭктәи ақәыӷәӷәара
- аҟәшақәа зегьы рҟынтәи ауниверситет аусуразы аусшәҟәқәа разырхиаразы аинформациа
- акафедрақәа рҟынтәи арҵаҩцәа аҵаратә еидара анагӡара, арҵаҩцәа хазхаҭалатәи рыпланқәа, аусуратә программақәа, акафедра иҭнажьыз аметодикатә абжьгарақәа, алекциақәа ирыԥхьо, аԥышәарақәа здызкыло арҵаҩцәа рыжәлақәа, астудентцәа реиҭагареи реиҭашьақәыргылареи рзы акомиссиа аусура иалахәу
-акадрқәа рыҟәшаҿы апрофессор-рҵаҩратә еилазаара аштат аҵарашықәс азы; -аканцелиариаҿы аҵаратә усура азҵаарақәа рзы адҵақәеи адокументқәеи ыҟоуп.
Афакультетқәа рдеканцәа:
-иреиҳау аҵараиурҭа аиҿкааратә структура инақәыршәаны, арҵаратә ҟәша аус ацыруеит
-ауниверситет аструктуратә ҟәшеиҵақәа рыбжьара азинмчхарақәа реихшара инақәыршәаны аиерархиатә ҳәатәхаҵарала иҭышәынтәалоу ацәаҳәатә еимадарақәа рыбжьоуп
- адҵаҟаҵаратә (иреиҳау аҵараиурҭа аструктуратә ҟәшеиҵақәа рыхьӡала) аҳасабырбатә (анапхгара рыхьӡала ) информациеи рырҭоит
- иҭышәынтәалоу афункционалтә еимадарақәа рымоуп, русуреи ауниверситет адеканатцәеи акафедрақәеи акоординациа рзыруеит
- еизааигәоу архәҭақәа аус рыцыруеит анапхгараҭаратә ӡбамҭақәа разырхиареи рыдкылареи рыпроцедура инақәыршәаны
- астатистикатә информациа, аналитикатә материалқәа, адокументқәа рыпроектқәа, алацәажәаразы ирыдгалахо азҵаарақәа рзы ажәалагалақәеи азгәаҭақәеи аинтерес змоу амаҵурауаа ирырҭоит.
AB
RU