Бухучети ахылаԥшреи рыҟәша

Аҟәша аиҳабы: Барцыц Анжела Лизбар-Иԥҳа

Телефон: +7 (840) 223-10-44

Аусура аграфик: пн-пт, 9.00-15.30, сб-вс-аԥсшьарамш

Аҟәша ахықәкы хадақәа

1. Иаку аҳәынҭқарратә социалтә политикеи аус зуа азакәанԥҵареи рҳәаа иҭагӡаны аусура аиҿкаара.

2. Афинанс-нхамҩатә усура амҩаԥгара ахәҭаҿы аус зуа азакәанԥҵара ииашаны ахархәара алыршара.

3. Ауааԥсыра рсоциалтә хьчара аусбарҭа иашьашәалоу амуниципалтә усбарҭақәеи аиҿкаарақәеи аус рыцура алыршара амуниципалтә еиҿкаара аҵакыраҿы ишьақәыргылоу ахатәтәратә формақәа ирыхьмырԥшыкәа.

4. Аҳасабеилыргаратә ҳасаббареи, ахылаԥшреи, аҳасабырбареи рымҩаԥгара аиҿкаара аиӷьтәразы ажәалагалақәа аус рыдулара.

5. Аҳасабеилыргаратә ҳасаббара амҩаԥгара азҵаарақәа рзы аинформациа-аналитикатә усура амҩаԥгара.

6. Аԥаратә хархәагақәа хықәкылатәи рхархәара ахылаԥшра аҭара.

Аҟәша афункциа хадақәа

1. Афинанс-нхамҩатә усура аҳасабеилыргаратәи ашәахтәи ҳасаббара амҩаԥгара.

2. Ахылаԥшра амҩаԥгара:

- ахатәра аиқәырхаразы

- аԥаратә хархәагақәеи аматериалтә беиарақәеи хықәкылатәи рныхрала

- ианаамҭоу аинвентаризациа амҩаԥгара азы

- аулафахәы азы аԥхьаӡарақәа ииашаны рымҩаԥгара.

3. Ишьақәырӷәӷәоу атиптә изеиԥшырку аформақәа рхархәара.

4. Аԥхьатәи адокументқәа ианаамҭоу, хаҭабзиарала реиқәыршәара, бухучет аарԥшразы ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа раан рыҭара.

5. Аҳасабеилыргаратә документқәа реиқәырхара алыршара.

6. Афонд хадақәа ашәҟәы рҭагалара.

7. Анхамҩатә еиқәшаҳаҭрақәа рыла аԥхьаӡарақәа реиҿкаара.

8. Акассатәи аԥхьаӡаратәи дисциплина ӷәӷәала ақәныҟәара алыршара, аԥаратә хархәагақәа ишақәнагоу рныхра.

9. Адокументқәа ианаамҭоу, ииашаны реиқәыршәареи имҩаԥырго аоперациақәа рзакәанреи заанаҵтәи ахылаԥшра рыҭара.

10. Аҳасабеилыргаратә ҳасаббареи анхамҩатә операциақәа раҳасабырбеи рыԥхьаӡамҭақәа ианаамҭоу, ииашаны раарԥшра алыршара.

11. Астатистикатә ҳасабырбара аҭара. 

12. Аҭакԥхықәра зду ауаа ҭакԥхықәрала рыҵәахраҿы иҟоу ахәдуқәа ашәҟәы рҭагалареи реиқәырхареи рызҵаарақәа рзы аинструктаж амҩаԥгара

13. Аилацәажәарақәеи асеминарқәеи рымҩаԥгара аҽалархәра.

14. Агхақәа рзы адокументқәа разырхиара, иҟоу агхақәа ршәаразы аусура хықәкыс иҟаҵаны.

15. Адебитортәи акредитортәи уал ашәаразы аусура аиҿкаара.


Шьҭахьҟа ахынҳәра