Азиндырратә ҟәша

Аиуристконсульт: Чамиан Руслан Сетрак-Иԥа

Телефон: + 7 (940) 992-52-61

E-mail: chamyan1982@mail.ru

Аусура аграфик: пн-пт, 9.00-16.00, сб-вс-аԥсшьарамш

Аҟәша аусура ахырхарҭа хаданы иҟоуп ауниверситет азинқәеи азакәантә интересқәеи рыхьчара, анорматив-зинтә актқәа, аиқәшаҳаҭратә, агәынамӡаратә, азыҳәаратә усура аус рыдулареи реиӷьтәреи, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵараҿы аиҭакрақәа рыҭҵаареи анализ рзуреи.
  
ААУ азиндырратә ҟәша афункциа хадақәа:

  • Азинтә зҵаарақәа рзы алкаақәа, аилыркаагақәа разырхиара
  • Аҭыԥантәи анорматив-зинтә актқәа рыпроектқәа аус рыдулара, мамзаргьы егьырҭ аҟәшақәа алархәны ас еиԥш актқәа разырхиара аҽалархәра
  • Ауниверситет аусура ахырхарҭақәа зегьы рыла атәылауаҩратә-зинтә еиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа аус рыдулара
  • Ауниверситет ирыбжьанаҵо аиқәшаҳаҭрақәа, аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рзинтә експертиза
  • Аиқәшаҳаҭрақәа, аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵаразы аиҿцәажәарақәа рылахәхара, иарбоу аусшәҟәқәа рыла аилибамкаарақәа рыԥкаанҵақәа реиқәыршәара
  • Аструктуратә ҟәшеиҵақәеи, иара убас аӡбарҭаҿы ахаҭарнакрақәеи азинтә цхыраара рыҭара
  • Акадртәи аҵаратәи усура азинтә цхыраара
  • Ауниверситет аусура иадҳәалоу азинтә зҵаарақәа рзы аусзуҩцәеи аҵара зҵои рабжьгара
  • Азакәанԥҵараҿы аиҭакрақәа рхылаԥшра, ауниверситет аинтерес змоу аҟәшақәеи амаҵурауааи рзы аинформациатә дырраҭарақәа разырхиара
  • Ауниверситет аҭыԥантәи анормативтә актқәа ашәҟәы рҭагалареи рыҵәахреи алыршара уб.

Аиуристтә ҟәша аусураҿы Иқәныҟәоит Аԥсны аус зуа азакәанԥҵара, ауниверситет Аԥҟаԥҵәа, ААУ аҩныҵҟатәи аџьатә еиҿкаара аԥҟарақәа, ААУ егьырҭ аҭыԥантәи актқәа.

Шьҭахьҟа ахынҳәра