23.10.2026 г. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет жәаҩык астудентцәа ироуит Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа бизнесуаа рассоциациа ахьӡала аҧаратә цхыраара. Аиҿкаара анапынҵала ауниверситет адәныҟатәи аимадареи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Мақсим Ӷәынџьиа еиуеиҧшым афакультетқәа рҟны аҵара зҵо аҿар рнапаҿы ириҭеит хәышә-хәышә доллар.
Иазгәаҭатәуп, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа рзы асеиҧш иҟоу ацхыраара стипендиак аҳасабала ишаҧшьгаз хышықәса раҧхьа, Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа бизнесуаа рассоциациа абзоурала. Ари аидеиа цәырызгазгьы ҳџьынџьуаҩ Левент Аҭрышба иоуп.
Мақсим Ӷәынџьиа ауниверситет анапхгара рыхьӡала ҳџьынџьуаа иҭабуп ҳәа реиҳәоит иҟарҵаз аҧшьгаразы.
Ҳџьынџьуаа рыхьӡала жәаҩык ауниверситет астудентцәа аҧаратә цхыраара рзыҟарҵеит
Поделиться:

