Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа афакультетбжьаратә кафедра аҵараиурҭаҿы аԥсуа бызшәа арҵаразы имҩаԥнаго аусура ҵҩа амам: астудентцәа факультетцыԥхьаӡа, занааҭцыԥхьаӡа аԥсуа бызшәа иахысуеит. Программала амаҭәар иазыԥҵәоуп шықәсыки бжаки-ҩышықәса рҟынӡа. Ауниверситет аҟны аԥсуа бызшәа арҵара мҩаҧысуеит аҿар рдыррақәа ирҿырԥшны, х-ҩаӡарак рыла: аелементартә, абазатә (абжьаратә), иҳараку. Уи инақәыршәаны акурсқәа еихыршоит х-гәыԥк рыла.
Еиуеиԥшым афакультетқәа рҿы абызшәа арҵара мҩаҧысуеит дасу рзанааҭ ҳасаб азуны, уи иаҿырҧшны ауп астудентцәа ишрыдыргало абызшәатә материалгьы (ажәар, атекстқәа, аҽаршьцыларақәа уҳәа). Хықәкыс иқәгылоугьы дарбанзаалак астудент аԥсуа бызшәазы инарҭбаау адыррақәа иҭара, убри анаҩс изанааҭ иадҳәаланы идыррақәа реизырҳара, рхарҭәаара ауп. Абри апринцип хада иқәныҟәаны аҿар аус рыдырулоит аԥсуа бызшәа афакультетбжьаратә кафедра арҵаҩцәа. Убас рашәарамза 2 рзы азиндырратә факультет аҩбатәи акурс аурыс сектор (абазатә гәыҧ) аҟны аҵара зҵо астудентцәа рҟны имҩаҧган иаарту алекциа. Уи мҩаҧылгеит акафедра арҵаҩы еиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Риҵа Сақаниа. Алекциа далахәын азиндырратә факультет адекан, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Сергеи Смыр.
Иаарту алекциа азкын астудентцәа рҵара апрограмма инақәыршәаны аԥсуа бызшәазы ироуз адыррақәа апрактикаҿы рышьақәырӷәӷәара. Астудентцәа ирыдгалан атема — «Аусеилыргара аԥсышәала амҩаԥгара». Ари аусмҩаԥгатә анагӡаразы астудентцәа ибзианы иҭырҵааит аусеилыргара шышьақәгылазар ахәҭоу, уи аиҿкаашьа, иацу акәамаҵамақәа маҷымкәа. Насгьы дара азинҭҵаара иаҵанакуа азакәанқәеи ахәҭаҷқәеи рыдыргалеит.
Ажәакала иаҳҳәарц ҳалшоит, иаарту алекциа ахәаԥшра аинтерес аҵалартә, уззыӡырыҩуа агәра угаратәы ирықәҿиеит ҳәа астудентцәа. Зегьы ирыцку, «аусеилыргара» ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥсышәала имҩаԥган. Аҭыԥ аман аԥсшәа ззеилымкаауаз «ашаҳаҭ» иҿахәҿыхрагьы. Уи азы аиҭагаҩ дадгалан (англыз бызшәаҟынтә аԥсшәахь еиҭазгоз).
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Риҵа Сақаниа лажәақәа рыла, аԥсышәала аусеилыргара назлоу, астудентцәеи арҵаҩцәеи рылҵшәақәа уҳәа ишиашоу иадҳәалоуп аԥсуа бызшәа маҭәарк аҳасабала арҵаратә процесс иазԥҵәоу асааҭқәа реизырҳара еснагь иазхәыцуа, азиндырратә факультет адекан Сергеи Макар-иԥа Смыр иааирԥшуа азҿлымҳара ҷыда. Иагьазгәалҭеит азиндырратә факультет аҟны астудентцәа аԥсуа бызшәа амаҭәар ҩышықәса ишахысуа.
Иаарту алекциа ззымҩаҧгаз астудентцәа ҩымчыбжьа рнаҩс раԥхьа ишьҭоуп аԥсуа бызшәа амаҭәар азы аҳәынҭқарратә ԥышәара. Ирзеиӷьаҳшьап урҭ аманшәалареи ақәҿиарақәеи.

