Азҵаара рыҭара



Агәалашәаратә хәылԥазы

 Март 17 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит Аԥсны аҭоурых аҟны ишьаарҵәыроу арыцхә, имӷьаӡо ахьаа -  Марттәи ажәылара иазкыз агәаларшәаратә хәылԥазы. Аусмҩаԥгатә хацыркын минуҭктәи аҿымҭрала.

Аҭоурыхтә факультет 1-тәи акурс астудентцәа еиҭарҳәеит 1993 шықәса март15-16 рзы имҩаԥгаз ажәылара аҭоурых, ирыԥхьеит аибашьра иазкыз ажәеинраалақәа. Иазааҭгылеит ҳарԥарцәеи хатәгәаԥхарала Нхыҵ-Кавказынтә иааз аибашьцәа фырхацәеи, иара убасгьы зхы мшаҭа ахәцәа алызгоз аҭыԥҳацәеи рџьабаа. 

Ахәылԥаз аҟны идырбан архивтә нҵамҭақәа рҟынтә иаагоу, аибашьцәа ранацәа ргәалашәарақәа. Ҷыдала иазгәаҭан аԥсуа жәлар рлахьынҵа аныӡбатәаз аамҭазы анцәа иаҳзааишьҭыз ҳԥыза Владислав Арӡынба ҳҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараҿы  ироль.

Ахәылԥаз хыркәшауа ААУ аҭоурыхтә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Илона Агрба астуденцәа ирзеиӷьалшьеит аҭынч аамҭеи абзазареи.

Ахәылԥаз рхы аладырхәит ААУ аҿартә политиказы апроректор Медеиа Чегьиа, ауниверситет аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ хада Асида Акаба, аҭоурыхтә факультет арҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи.