Азҵаара рыҭара



Марттәи ажәылара иазкыз агәалашәаратә еиҧылара мҩаԥысит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит Марттәи ажәылара иазкыз агәалашәаратә еиԥылара. 
Уи хацыркын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәеи астудентцәеи рбаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Анаҩс аусмҩаԥгатә иацҵан апедагогикатә факультет аҟны.
Аиқәшәара иалахәын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, апедагогикатә факультет апрофессорра-рҵаҩратә еилазаара, иара убас астудентцәа. 
Агәалашәаратә еиԥылара хықәкы хадас иаман Марттәи ажәылараҿы иҭахаз рыхьӡ  амырӡра, уи иахаану аветеранцәа ргәалашәарақәа астудентцәа рызнагара, ажәылара иадҳәалаз авидеонҵамҭақәа дырбара. 
Аиԥылара аартуа ААУ апедагогикатә факультет аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Сабина Барзаниа дазааҭгылеит Марттәи ажәылара итрагедиахаз, ишьаарҵәырахаз, аха убриаан зегь реиҳа ифырхаҵаратәыз жәылараны ишыҟаз. Анаҩс, Л. Тәанԥҳа лажәеинраала «Март, са схьаа» даԥхьеит апедагогикатә факультет «Апсихологиа" ахырхарҭа аҩбатәи акурс астудент Вероника Аџьԥҳа. 
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ажәа рыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа: аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Аслан Аҩӡба, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Иван Ҭарба, аинрал-маиор, ААУ арратә кафедра анапхгаҩы Закан Нанба, иара убас апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алықьса Касланӡиа, аибашьраҿы иҭахаз апедагогикатә факультет аушьҭымҭа Хьырбеи Базба иаҳәшьа Индира Базба. Дара Марттәи ажәылара иадҳәалаз ргәалашәарақәа ирзааҭгылеит, уи шымҩаԥысуаз иалацәажәеит, фырхаҵарыла зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәаладыршәеит; урҭ рыхьыӡ амырӡразы еиҵагыло аҿар рыԥсадгьыл аԥеиԥш ишахӡыӡааша атәы рҳәеит, аманшәалареи аихьӡарақәеи рзеиӷьаршьеит. 
Аиԥылара иалахәыз идырбан ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиа лархив аҟынтәи Марттәи ажәылара иазкыз авидеонҵамҭа. 
Аусмҩаԥгатә хыркәшан Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа  лнапхгарала еиҿкаау апедагогикатә факультет асахьаркыратә ансамбль ашәаҳәацәа инарыгӡаз "Аиааира ашәа" ала.