30.12.2025. Аҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩ, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа литература акафедра аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ ҳаҭыр зқәу апрофессор Диана Аџьынџьал иланашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла апремиа, "Аҭҵаарадырра" аноминациаҿы.
2024 шықәсазы Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аиубилеи азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла Д. И. Гәлиа ихьӡ зху апремиа аиуразы аконкурс рыланаҳәеит х-номинациак (апоезиа, аҭҵаарадырра, апублицистика) рыла.
Ажиури аконкурс ахь инашьҭыз арҿиамҭақәеи аусумҭақәеи ианрыхәаҧш ашьҭахь, иалыркааит зынӡа ҧшьҩык.
Апремиа ранашьоуп: аноминациа "Апоезиа" аҟны - апоет, апрозаик Анатоли Лагәлаа;
"Аҭҵаарадырра" аноминациаҿы иаиааит ҩыџьа: алитератураҭҵааҩы Диана Аџьынџьал, асахьаҭыхҩы Ельвира Арсалиа; "Апублицистика" аноминациа ала апремиа ианашьоуп апоет, апублицист Вахтанг Аԥҳазоу.

