Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны имҩаҧысит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәша аҟны имҩаҧысит аполитикатә 
репрессиақәа  ирылаӡыз ргәалашәара амш иадҳәаланы ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиа иаартыз ллекциа. Уи рхы аладырхәит ААУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аусзуҩцәа, афилологиатәи  аҭоурыхтәи факультетқәа рҿы аҵара зҵо астудентцәа.  

Аиҧылара аартуа, ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиа дазааҭгылеит аполитикатә репрессиақәа ҳтәыла иарҭаз ааха ӷәӷәа амҽхак шыҭбааз. Лара иазгәалҭеит 1937-40-тәи ашықәсқәа ирыдҳәалоу атема аҭҵаара лнапы алакуижьҭеи 45 шықәса  шыҵуа, уи аамҭа зныҧшуа х-шәҟәык шыҭлыжьхьоу, насгьы ари атема аазырҧшуа аҧшьбатәи ашәҟәы аиқәыршәара дшаҿу. Уи дрылацәажәеит қыҭацыҧхьаӡа ааха зырҭаз ажәлақәа, ауаа зыхдырҟьоз амзызқәа, насгьы хаҭала лара имҩаҧылгоз аҭҵаарақәа.  

Екатерина Бебиа авторс дызмоу аполитикатә репрессиақәа ирыдҳәалоу ашәҟәқәа рцикл: "Без вины виноватые", "Из забвения – в бессмертие", "Не забыть, чтобы не повторилось" зыхьӡу аҧсуа қыҭақәа жәпакы арепрессиа ашықәсқәа раан ирлахьынҵахаз рныҧшуеит, фактла ишьақәырӷәӷәоу аҭоурыхқәа аадырҧшуеит, урҭ аамҭақәа еиҭаҟамларцаз аҧхьаҩ агәҽанызаара ирҭоит. 

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аполитикатә  репрессиақәа ирылацәажәеит: аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы Емма Гамсаниа, адоцент Далила Ҧлиа, аполитологиеи асоциологиеи ркафедра арҵаҩы Мрамза Џьыкырба. Дара иазгәарҭеит харада ахара зыдҵаз аҧсуа жәлар рхаҭарнакцәа ргәалашәара шхымҧадатәиу, иара убас, аҧсуа жәлар рҭоурых зныҧшуа аиқәшәарақәа рахь аҿар рнаҧхьара, ралархәра шьарда шаҵанакуа. 

Аиҧылара хыркәшо, ажурналистика аҟәша астудентцәа азааҭгылеит рырҵаҩы – Екатерина Бебиа арепрессиақәа ирызку лышәҟәқәа рӡыргарақәа анымҩаҧысуаз урҭ зҭаауаз ақыҭақәа ирыдҳәалоу агәалашәарақәа шырацәоу, иара убас, аҭоурых адаҟьақәа аазыртуа аиқәшәарақәа рылахәхара дара рзы акырӡа шрыҵаркуа, аҧсуа жәлар рнысымҩа аҭҵааразы ргәацҧыҳәо ишыҟарҵо.