Азҵаара рыҭара



Афорум алахәылацәа дрыдныҳәалеит

Аҟәа иаатит «КАВКАЗ АЖӘЛАРҚӘА XVIII-XXI ашә. РЗЫ. АҬОУРЫХ, АПОЛИТИКА, АКУЛЬТУРА» ҳәа хьӡыс измоу, аҭоурыхдырыҩцәа-кавказҭҵааҩцәа XII Жәларбжьаратәи рфорум. Уи алахәылацәа рыхьӡала адныҳәалара наишьҭит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор академик Алеко Гәарамиа.
Акыр иаԥсоу аҩызцәа, ҳколлегацәа, 
ҳаҭыр зқәу афорум алахәылацәа, ҳасасцәа дахьқәа!
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, Аҵарауаа рхеилаки, апрофессорра-рҵаҩратә еилазаареи рыхьӡала, хаҭала саргьы ишәыдысныҳәалоит «КАВКАЗ АЖӘЛАРҚӘА XVIII-XXI ашә. РЗЫ. АҬОУРЫХ, АПОЛИТИКА, АКУЛЬТУРА» ҳәа хьӡыс измоу, аҭоурыхдырыҩцәа-кавказҭҵааҩцәа XII Жәларбжьаратәи рфорум аартра. 
Аҵарауаа нагақәа злахәу ари аҭҵаарадырратә форум аҵак ҷыда амоуп, избан акәзар сынтәа уи рызкуп иналукааша х-рыцхәк: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵреи, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада академик Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵреи, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 100 шықәса ахыҵреи. 
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны арҭ ах-рыцхәк џьарак реидкылара машәырны иҟамлеит. Уи даҽазныкгьы иаҳнарбоит иҳаҩсхьоу аамҭеи иахьатәи ҳамши реимадара, ҳазҭагылоу аԥсҭазаареи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши ҳанрызхәыцуа аҭоурыхтә ҭҵаарадырра ароль. 
Кавказ – ари иуникалтәу ҭоурых-культуратә регионуп. Убри аҟынтә уи иқәынхо ажәларқәа иуадаҩу рҭоурыхтә мҩа азхьаԥшра, дара-дара культурала реинырреи аполитикатә процессқәеи ралкаара, ганрацәала, обиективла урҭ рызнеира – аҭҵаара-практикатә ҵак ду амоуп.
Сгәы иаанагоит, афорум аҟны ицәыргахо ажәахәқәеи, иҟалараны иҟоу ақәгыларақәеи ахцәажәарақәеи, аимак-аиҿаки уҳәа аконструктив ҟазшьа роуеит ҳәа. Уи ауп азанааҭтә усеицура арӷәӷәара иацхраауа. Агәразгоит, аконференциа алҵшәақәа рыла ишыҟаҵахо аартра ҿыцқәа. 
Афорум иалахәу зегьы ишәзеиӷьасшьоит аманшәалареи ақәҿиарақәеи!