Азҵаара рыҭара



ААУ аректорат Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазкны адныҳәалара ҟарҵоит


Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорат аҵараиурҭа аусзуҩцәеи, астудентцәеи, иара убас Аԥсны жәлар зегьы ирыдырныҳәалоит иԥшьоу Аныҳәа ду – 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 32 шықәса ахыҵра!

Иахьа, акрызҵазкуа ари амш аҽны, ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҳаԥсадгьыл Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи рзы иҭахаз. Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, аибашьраан ацхыраара иааз зегьы: Нхыҵ-Кавкази Алада-Урыстәылеи рҟынтә ахатәгәаԥхарауаа, иара убасгьы Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ҳадиаспора ахаҭарнакцәа. Урҭ иаадырԥшыз агәымшәара наунагӡа Аԥсны аҭоурых аҿы иаанхоит.

Аибашьра ианалага раԥхьатәи амшқәа инадыркны ҳуниверситет аусзуҩцәеи астудентцәеи зымҩа имгылеит, Аԥсадгьыл ахьчаразы абџьар шьҭырхит. Мрагыларатәии Гәымсҭатәии афронтқәа рҿы фырхаҵарала еибашьуан. Рыцҳарас иҟалаз, Аҧсадгьыл зыхьчоз ҳусзуҩцәеи ҳастудентцәеи рахьтә 96-ҩык рыҩныҟа изыхнымҳәӡеит. Урҭ ргәалашәара аҿаҧхьа ҳхырхәоит. 

Иара убасгьы ҳхырхәаны иҭабуп ҳәа раҳҳәоит анацәеи аветеранцәеи – аибашьра аԥышәара хьанҭақәа зхызгаз, Аиааира ааигәазтәуаз зегьы.

Ари амш аҽны зегьы ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аҭынчра, акзаара, аизҳазыӷьара!