Алеко Гәарамиа Софа Агәмаа лиубилеи лыдиныҳәалеит

С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысит Аҧсны жәлар рартист Софа Агәмаа 85 шықәса лхыҵреи Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аҧҵоижьҭеи 10 аҵреи ирызкыз аиубилеитә хәылҧазы. Абри инамаданы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа адныҳәалара ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу Софа Хынтрыгә-иҧҳа!
Aҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Аҵарауаа рхеилаки, аректорати, апрофессорра-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи рыхьӡала, хаҭала саргьы, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи, иара убасгьы Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аҧҵоижьҭеи 10 шықәса аҵра.
Шәара шәыҧсҭазаара зегьы аҧсуа театртә ҟазара арҿиара иазышәкит. 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценахь шәанцәырҵ инаркны иахьа уажәраанӡа, инашәыгӡахьоу арольқәеи иаашәырҧшхьоу ахаҿсахьақәеи ирыбзоураны, ахәаҧшцәа ргәыбылра ду шәыцуп. Шәҽаҧсашәтәит жәлары зегьы рыбзиабара.
Ирацәоуп Шәара шәылшамҭақәа атеатри акинои рактиорк лаҳасабала, иара убасгьы аҧсуа сценазы аҿар разыҟаҵара аус аҿы. Шықәсырацәала напхгара ашәҭоит атеатр "Аамҭа".
Исгәалашәоит, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны актиортә ҟазара аҟәша аартразы Шәара иаашәырҧшуаз аҽазышәарақәа. Ари аидеиа иамаз аҵакы еилкааноуп напхгаҩык иаҳасабала саргьы уи адгылара засҭаз. Иахьа ари аҟәша аҟазарақәа рфакультет иахәҭакуп. Араҟа еиҵааӡаз аҿар рыла ауп анаҩс ишаҧҵахаз Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр. Жәашықәса рыҩнуҵҟала уи иалнаршахьоу маҷым: уажәшьҭа ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит, ари атеатр ҭышәынтәалеит, иагьышьақәгылеит ҳәа. Аҧхьаҟагьы уи агәыӷра дуқәа адаҳҳәалоит.
Аҧсуа культуреи амилаҭтә ҟазареи рганахьала Шәара шәылшамҭақәа азгәарҭахьеит, ахәгьы ҳаракны иршьахьеит. Ишәыхҵоуп Аҧсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет шәадоцентуп. Аха урҭ инарҷыданы, зегьы иреиҳауп ҳәа сгәы иаанагоит Шәара ишәыцу ажәлар рыбзиабара.
Гәык-ҧсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, еснагь агәалаҟазаара ҳаракы. Шьардаамҭа Аҧсынреи аҧсуа жәлари шәрыгымзааит!
ААУ аректор А. А. ГӘАРАМИА
27.08.2025 ш.
Поделиться: