Азҵаара рыҭара



"Аҳаракырақәа рахь амҩа 2025"



Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит аолимпиада "Аҳаракырақәа рахь амҩа 2025" аҟны аиааира згази иалкаахази аҧхьахәқәа ранашьара иазкыз ацеремониа. 

Уи рхы аладырхәит Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынба, ауниверситет анапхгара,  апрофессорра-рҵаҩратә еилазаара, араионқәа рҵараҟәшақәа рнапхгаҩцәа. 

Аусмҩаҧгатә хацыркуа, ААУ аҭҵаараус апроректор Џьульетта Адлеиба аолимпиадаҿы аиааира згаз, насгьы иалкаахаз зегьы ирзеиӷьалшьеит аҧхьаҟа ақәҿиарақәа.

ААУ актәи апроректор ихаҭыҧуаҩ, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Инга Арӡынба лцәажәараҿы илҳәеит, аҵарадырра аизырҳаразы ауниверситет имҩаҧнаго "Аҳаракырақәа рахь амҩа" зыхьӡу аолимпиада аҵаҩцәа рзы акыр шаҵанакуа, уи абзоурала дара рдыррақәеи рҟыбаҩи аадырҧшырц шрылшо.

Адныҳәаларақәа ирыцҵо, Аҧсны аҵарадырра аминистр Хана Гәынба иазгәалҭеит, аҵаҩцәа ауниверситет ашҟа ршьаҿа аихгара рыҧсҭазаараҿы иҿыцу амҩа шырзаанатуа. Урҭ рықәҿиарақәа рыдныҳәало илҳәеит, агәра шылго ауниверситет аҟны ироуа адыррақәа ирыбзоураны азанааҭтә ҳаракырақәа ишрызнеиуа.

Иара убасгьы ҳтәыла араионқәа рҟынтә аҵара аҟәшақәа рхадацәа аолимпиада алахәылацәеи урҭ рырҵаҩцәеи ас еиҧш иҟоу аихьӡарақәа рыдырныҳәалеит.

Аусмҩаҧгатә иалахәыз дрыдныҳәало,  Аҧсуа литература акафедра аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Диана Аџьынџьал далацәажәеит, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет иаанарҧшуа аҧхьагылареи аихьӡарақәеи рҟны акырӡа илша шырацәоу аректор – академик Алеко Алықьса-иҧа Гәарамиа. 

"Аҳаракырақәа рахь амҩа 2025" аҟны аиааира згаз, иара убас  иалкаахаз аҵаҩцәа идуӡӡаны иҭабуп ҳәа рарҳәеит аолимпиада аиҿкаара иалахәыз зегьы,  дара ҧышәарада ауниверситет иахыҧхьаӡалахартә еиҧш аҭагылазаашьа ахьырзаҧырҵаз азы. 

ААУ аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаиа аолимпиадаҿы аиааира згаз, иара убас иаадырҧшыз алҵшәа бзиақәа ирыбзоураны иалкаахаз аҵаҩцәа рсиа дазааҭгылеит. 

Аолимпиада алҵшәақәа рыла Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ҧышәарада актәи акурс иахыҧхьаӡалоуп  — 142-ҩык. Урҭ рахьтә актәи аҭыҧ иаҧсахеит 26-ҩык, аҩбатәи —15-ҩык, ахҧатәи — 12-ҩык. 

Аолимпиадаҿы аиааира згази иалкаахази зегьы аҳаҭыртә бӷьыцқәа ранашьан.  

Иааидкыланы иугозар, сынтәа аолимпиада рхы аладырхәит 450-ҩык ашколхәыҷқәа.