Азҵаара рыҭара



"Иаҳхамышҭыроуп еиҭаҟамларцаз"


16.05.2025. Лаҵарамза 15 рзы В. Ҧачлиа ихьӡ зху Ҧақәашьтәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧган Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист,  ААУ апрофессор Екатерина Бебиа лышәҟәы "Иаҳхамышҭыроуп еиҭаҟамларцаз" зыхьӡу аӡыргара. Уи ашәҟәы ахқәа руак рызкуп 1930-40-тәи ашықәсқәа рзы харада ахара зыдҵаны ирӡыз Ҧақәашьаа рҵеицәа.
 
Аусмҩаҧгатә иалахәын арепрессиақәа раамҭазы ирӡыз ауаа рҭынхацәа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа, ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша ахҧатәи акурс астудентцәа, иара убас Ҧақәашь ақыҭа иалҵыз аҵарауаа, анхацәа.

Ашықәс еиқәаҵәақәа раан ҳтәыла иреиӷьыз аҵеицәа харада ахара зыдҵаны идырӡыз рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп 52-ҩык Ҧақәашьаа рҵеицәагьы. Аҧсуа қыҭа хәыҷ азв ри даараӡа ааха дуны иҟалеит. 

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ажәа рыман арепрессиақәа ааха зырҭаз Ҧақәашьаа рҵеицәа рҭынхацәа, ақыҭа анапхгара ахаҭарнакцәа, иара убас  ашкол аусзуҩцәа. Дара иазгәарҭеит, ашықәсқәа рҿымҭра иалаӡыр зылшоз аҭоурых аиқәырхара, хыҧхьаӡара рацәала Аҧсны аҵеицәа рнысымҩа аарҧшра,  насгьы уи еиҵагыло абиҧарақәа рызнагара даараӡа аҭакҧхықәра зцу ус дуны ишыҟоу, уи анагӡарагьы шыуадаҩу. Дара зегьы иӡыргаз ашәҟәы ҳамҭас ирыҭан, уи азы алшара аҧырҵеит Ҧақәашь ақыҭа ахаҭарнакцәа Арсоу Ҳашбеи Илона Мерцхәлааҧҳаи.

Аусмҩаҧгатә ахыркәшамҭазы еизаз рҿаҧхьа иқәгылеит иара убасгьы ажурналистика аҟәша ахҧатәи акурс астудентцәа. Дара иазгәарҭеит, аҭоурых ду змоу ақыҭа аҭаара, насгьы арепрессиа ашықәсқәа зхьысыз  рҭынхацәа рбара, урҭ ргәалашәарақәа рзыӡырҩра аҭоурых гәылырҭәааны аҭҵааразы даараӡа акыр шаҵанакуа. Насгьы ирҳәеит, ари аусмҩаҧгатә даргьы аҭоурых аҭҵааразы ргәацҧыҳәо ишыҟанаҵаз.