15.05.2025. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны имҩаԥган Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку агәалашәаратә хәылԥазы.
Аусмҩаԥгатә иалахәын ААУ аҭҵаарадырра аҟәша апроректор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Џьулетта Адлеиба, ауниверситет апрофессорра-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа, астудентцәа, иара убас Ҟарачы-Черқьестәыла, аул Ҟара-Ԥагәа иаԥҵоу В.Г. Арӡынба ихьӡ зху арҵаратә центр арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи, Ҟарачы-Черкессктәи ажәларқәа рбызшәа аҭҵаара ацентр аиҳабы, апрофессор Сергеи Пазов, Ҟарачы-Черкессктәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут анаукатә усзуҩы еиҳабы Азрет Татаренко.
«Сынтәатәи ашықәс Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазкуп, аха аԥсуа милаҭ ҳзы ҳаԥхьагылаҩ, ҳҵеи лаша Владислав Григори-иԥа хҭоурых аҟны хашҭра иқәым, иагьа шықәса царгьы уи ишьҭа лашаӡа иаанхоит ҳгәаҵақәа рҟны», — ҳәа азгәеиҭеит агәалашәаратә усмҩаԥгатә аартуа афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь.
Ахәылԥаз аҟны Ҟарачы-Черқьестәыла, аул Ҟара-Ԥагәа иаԥҵоу В.Г. Арӡынба ихьӡ зху арҵаратә центр арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ААУ афилологиатә факультет астудентцәеи Аԥсны раԥхьатәи ахада ихьӡынҩылоу ажәеинраалақәеи ажәахә кьаҿқәеи ирыԥхьеит.
Абызшәадырыҩ Сергеи Пазов иқәгылараҟны дазааҭгылеит Владисла Арӡынба ганрацәала еиларсыз иԥсҭазаара епоха дуӡӡак ишҭаӡо.
«Аԥсны жәлар зегьы рзы мацара акәымкәа Кавказ иқәынхо ажәларқәа зегьы рзы игәадуроуп Владислав Арӡынба иҩыза ауаҩы Аԥсны дахьалиааз. Иара ихьӡ хьтәы нбанла аҭоурых иануп, иусқәеи иидеиақәеи ԥсра рықәны иҟаӡам», — иҳәеит аҵарауаҩ Азрет Татаренко.
Аиԥылара иалахәыз идырбан еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы В. Арӡынба изкны архив аҟынтәи иаагаз анҵамҭақәа.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазкыз «Жәлар рԥыза» ҳәа хыс измаз афилологиатә факультет аҟны мызкы аԥхьа ирылаҳәаз арҿиаратә еицлабра зҽалазырхәыз 14-ҩык астудентцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи. Урҭ рахьтә 1-тәи аҭыԥ еицеиҩыршеит ҩыџьа астудентцәа: 2-тәи акурс ажурналистика аҟәша амасса информациатә хархәагақәа рредактор азанааҭ ала аҵара зҵо Анжела Хведелиӡеи 1-тәи акурс алингвистика англыз бызшәа азанааҭ ала аҵара зҵо астудентка Рабиа Хәытабеи;
2-тәи аҭыԥ аанылкылеит 1-тәи акурс астудентка аԥсуа бызшәеи алитературеи иаԥсуам ашколқәа рзанааҭ ала аҵара зҵо Сариа Ажьиба.
3-тәи аҭыԥ аанылкылеит 1-тәи акурс астудентка аԥсуа абызшәеи алитературеи иаԥсуам ашколқәа рҟны азанааҭ ала аҵара зҵо Милана Зыхәба.
Иазгәаҭатәуп В. Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазку агәалашәаратә усмҩаԥгатә шымҩаԥгаз афилологиатә факультет алингвистика анемец бызшәа аҟәша аҟынгьы.