Азҵаара рыҭара



«Ажурналистика аҟәша» асекциа аҟны аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаԥган



Есышықәсатәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥымза 4 рзы «Ажурналистика аҟәша» асекциа аҟны имҩаԥган аилатәара. Уи астудентцәеи аспирантцәеи рхы аладырхәит, рыҭҵаарадырратә усумҭақәагьы ирзааҭгылеит. 

Астудентцәеи аспирантцәеи ззааҭгылоз атемақәа рызкын ажурналистика иадҳәалоу азҵаара хадақәа, амасса-информациатә хархәагақәа рыҿиашьа, ажурналист аус здиуло ажанрқәа зеиԥшроу, насгьы уи ауаажәларраҿы иааникыло аҭыԥ уҳәа убас жәпакы.

Рыҭҵаарадырратә усумҭақәа ирзааҭгылеит ажурналистика аҟәша актәи, аҩбатәи, ахԥатәи акурсқәа рыстудентцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан: Лаура Ферзба, Анжела Хведелиӡе, Милена Кәыҵниа, Аида Габуниа, Мадина Амҷба. 

Астудентцәа инарҷыданы, аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны рыҭҵаарадырратә усумҭақәа ирзааҭгылеит аспирантцәа Анна Гәниеи Асмаҭ Шьакаиеи. 

Аконференциа зхы алазырхәыз астудентцәеи аспирантцәеи русумҭақәа напхгара рзыруан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Екатерина Бебиеи, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Гәырам Амқәаби.

Аконференциа иалагӡаны, ажурналист изанааҭ наукала аҭҵаара иаҵоу аҷыдарақәа ртәы иазааҭгылан, уи ишазнеитәу иазкны алкаақәа ҟаҵан. Иазгәаҭан, астудентцәа раԥхьаҟа рнапы зларкраны иҟоу рзанааҭ аилкааразы ас еиԥш иҟоу аилатәарақәа шьарда шрыҵаркуа.