«Аԥсуа бызшәеи алитературеи» рсекциа аҟны имҩаԥган аконференциа
Мшаԥымза 4 рзы есышықәсатәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны «Аԥсуа бызшәеи алитературеи» рсекциа аҟны имҩаԥган аилатәара. Уаҟа арҵаҩцәеи, аспирантцәеи, астудентцәеи рыҭҵаарадырратә усумҭақәа ирзааҭгылеит.
Асекциа аусура мҩаԥысуан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Оҭар Ӡиӡариеи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы Инал Гыцбеи рнапхгарала.
Аконференциаҿы ирзааҭгылан хырхарҭалеи тематикалеи еиԥшымыз аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Урҭ рыдҳәалан аԥсуа сахьаркыратә литературатә ԥҵамҭақәа, афольклор, аԥсуа бызшәа аграмматика уҳәа.
Зыҭҵаарадырратә усумҭақәа ирзааҭгылаз астудентцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Неонила Ҳаразиа, Рада Ҭҳаиҵыкә, Мадина Дараселиа, Агата Лешьиова, Алиса Самсониа, Асҭанда Аџьба.
Иара убасгьы рыҭҵаарадырратә усумҭақәа ирыхцәажәеит арҵаҩцәа: Линда Џьениа, Сырма Ԥачлиа, Рада Барцба, аспирант Алиса Инаԥшьба.
Аконференциа иалахәыз арҵаҩцәеи, аспирантцәеи, астудентцәеи рыҭҵаарадырратә усумҭақәа напхгара рзыруан: адоцент Д.С. Аџьынџьал, апрофессорцәа З.Џь. Џьапуеи О.П. Ӡиӡариеи, арҵаҩы еиҳабы А.В. Анқәаби.
Поделиться: