Азҵаара рыҭара



Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥган Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иадҳәалаз агәалашәаратә хәылԥазы. Уи еиҿыркааит афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышьи ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиеи. 

Аусмҩаԥгатә иалахәын ауниверситет апрофессорра-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа, астудентцәа, иара убас ааԥхьара змаз асасцәа: В.Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиа, С. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи анапхгаҩы Гәыгәыца Џьыкырба, В. Арӡынба ихьӡ зху афонд аусзуҩцәа Луина Арӡынбеи Анна Керопиани. 

«Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рымҩа ҳақәызҵаз Владислав Арӡынба хашҭра иқәны дыҟам, иара ҳазниҵаз амҩа пату ақәҵаны анаҩс анагӡара аҭахуп. Зҭоурых ззымдыруа ԥеиԥш иоуӡом. Убри инамаданы, аҭоурых адаҟьақәа аазыртуа иахьатәи агәалашәаратә мшы зегьы ргәаҿы иаанхап ҳәа агәаанагара сымоуп», — ҳәа аусмҩаԥгатә аартуа иазгәеиҭеит афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь. 

Ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша астудентцәа рзааҭгылеит «Владислав сара сгәаҿы иҭыԥ" ҳәа хыс измаз, дасу иаздырхиаз ажәахә кьаҿқәа.

«Аԥсны жәлар зегьы рзы игәадуроуп Владислав Арӡынба иҩыза ауаҩы ҳтәыла дахьалиааз. Иара ихьӡ хьтәы нбанла ҳҭоурых иануп, иусқәеи иидеиақәеи ԥсра рықәны иҟаӡам. Иахьатәи ҳаиқәшәара иазкны ажәалагала ҟазҵаз ҳастудентцәа роуп, дара азҿлымҳара ду аарԥшны ари аус рхы аладырхәит», — лҳәеит Екатерина Бебиа.

Аиԥылара иалахәыз идырбан еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы В. Арӡынба изкны Екатерина Бебиа ианылҵахьаз, лархив аҟынтәи иаагаз аиҿцәажәарақәа, анҵамҭақәа. 

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы ажәа рыҭан уи иалахәыз асасцәа. Дара рзааҭгылеит Владислав Арӡынба идҳәалаз ргәалашәарақәа, ирҳәеит аиԥш зеиԥшу аиқәшәарақәа аҭоурых аиқәырхаразы даара акыр шрыҵаркуа.