Азҵаара рыҭара



Аҭыжьымҭа ҿыцқәа рӡыргара мҩаҧысит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет аҟны имҩаԥган ашәҟәқәа «Аетнологиа» иара убас «История Турции» зыхьӡу рӡыргара. 

Ашәҟәы «Аетнологиа» рҵагатә цхыраагӡак аҳасабала еиқәыршәоуп, иреиҳау аҵарадырра аԥҟарақәа инарықәыршәаны, аетнологиа аҭҵаарадырра ахәҭа хадақәа азгәаҭаны.

Ашәҟәаҿы хшыҩзышьҭра рызуп аетнологиа иазкны иахьа уажәраанӡа иҭыҵхьоу арҵагатә шәҟәқәеи амонографиақәеи. Хаз хәҭаны иазгәаҭоуп адунеи ауаажәлар рҭоурыхтә ҿиара аетапқәа раан ирымаз аиԥшымрақәеи аҷыдарақәеи. Ари ашәҟәы еиқәдыршәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа Виктор Аҩӡбеи Сима Дбарԥҳаи. Редакторс дамоуп Џьонуа Б.Гь. 

Ашәҟәы «История Турции» еиднакылоит алекциақәа ркурс, уи шьақәгылоуп 22 тема рыла. 

Ашәҟәаҿы иаарԥшуп Ҭырқәтәыла аҭоурых XI ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа инадыркны иахьатәи аамҭа аҟынӡа. Хадаратәла ирзааҭгылоуп Османтәи аимпериеи Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарреи рышьақәгылареи рыҿиареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Ашәҟәы авторс дамоуп аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Лиана Харчлаа, аҭҵаарадырратә редактор — аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа. 

Аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит ауниверситет аҭҵаараус апроректор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апрофессор Џьульетта Адлеиба.