Азҵаара рыҭара



Ауниверситет аҟны иазгәарҭеит Д.И.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵреи

Февраль 27 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҟны имҩаԥысит аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩы, арккаҩы, абызшәадырҩы, аԥсуа «Анбан» аиқәыршәаҩ, агазеҭ «Аԥсны» раԥхьатәи аредактор, аетнограф, раԥхьатәи аҧсуа театртә труппа аиҿкааҩ, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, аиҭагаҩ Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵреи ирызкыз аусмҩаԥгатә. 

Ажурналистика ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа инарҭбааны еиҭарҳәеит Дырмит Гәлиа данмаҷӡаз инаркны иԥсҭазааратә мҩа, иазааҭгылеит ихәыҷратә шықәсқәа раан аҵара-лашара аиура шыуадаҩызгьы, ижәлари ибызшәеи рахь имаз агәыбылра шакәу аҩреи аԥхьареи иҵартә алшара изҭаз.

Астудентцәа ҷыдала иазааҭгылеит 1919 шықәса февраль 27 рзы иҭыҵыз, асимволтә ҵакы змоу, раҧхьаӡатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аҭыҵра аҭоурых. 

Агазеҭ «Аԥсны» епохоуп, аԥсуа журналистикеи алитературеи ирхыҵхырҭоуп. Урҭ ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа хьанҭақәа раан, зыда ԥсыхәа ыҟамыз акьыԥхьтә ҭыжьымҭа ацәырҵра зыбзоуроу, арккаҩ ду Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иоуп.  

Ажурналистика ахырхарҭала аҵара зҵо астуентцәа еиҿдырԥшит агазеҭ усҟани уажәи еиҧшымзаарас ирымоу, иахьа аҭагылазаашьа зеиҧшроу, уи аҿиара аус иацхраауа, иаҧырхагоу уҳәа. Иара убас аусмҩаԥгатә аҟны еизаз идырҳан архив аҟнытә иаагоу, Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара дахьахцәажәо ибжьы; ирыԥхьан апатриарх иажәеинраалақәа, иеиҭагамҭақәа.  

Ахәылԥаз аҟны ицәырган макьана акьыԥхь зымбац Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа изкны 2-тәи акурс аҟны аҵара зҵо Мадина Амҷба иаԥылҵаз ажәеинраала.

ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәырам Амқәаб иазгәеиҭеит: «Иахьатәи арыцхә аԥсуа журналистика аҭоурых аҟны акрызҵазкуа хҭысуп. Ҳастудентцәа рхатәгәаԥхарала еиҿыркааит аусмҩаԥгатә: ирыԥхьан ажәеинраалақәа, ицәырган Д.И. Гәлиа изку архивтә материалқәа, инагӡан иҩымҭақәа ирылхны ашәақәа. Астудентцәа ҭакԥхықәрала иазнеит рус. Арҭқәа зегьы идырҵабыргуеит аҿар аԥсуа литература ргәы шазыбылуа, ишаԥхьо, ишҭырҵаауа».

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы астудентцәа еизаз зегьы ирыдырныҳәалеит Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рзанааҭтә ныҳәа.