Азҵаара рыҭара



ВАЛЕРИ БИГӘАА 80 ШЫҚӘСА ИХЫҴИТ

Декабр 22, 2023 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти еицымҩаԥыргеит еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, ААУ апрофессор, Аԥсуа институт аҵарауаҩ хатәра, Аԥсны аҭҵаарадырра Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥсны иреиҳау ашкол Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Валери Леуард-иԥа Бигәаа 80 шықәса ихыҵреи уи аҭҵаара-педагогикатә усура инапы алакуижьҭеи 50 шықәса аҵреи ирызкыз аҭҵаарадырратә конференциа «Аԥсуаа рытрадициатә дини рыбзазаратә культуреи».

Аконференциа рхы аладырхәит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент Арда Ашәба, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахаҭарнакцәа, ауниверситет аректорат алахәылацәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, аҵарауаа, аиубилиар иҩызцәа, иколлегацәа.

Аусмҩаԥгатә аартуа, ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа дазааҭгылеит аҵарауаҩ Валери Бигәаа аԥсуа ҭҵаарадырраҿы илагала, насгьы рҵаҩык иаҳасабала уи аҵараиурҭаҿы иусура. Иҳәеит, аиубилиар авторс дышрымоу акымкәа-ҩбамкәа акрызҵазкуа амонографиақәеи, Аԥсны аҭоурых иазку арҵага шәҟәқәеи ацхыраагӡақәеи.

Анаҩс ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа Валери Бигәаа ииубилеи инамаданы иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы – агазеҭ «Аԥсуа университет» аредактор хада, аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы еиҳабы Алхас Чхамалиа.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ахәҭакахьала, иаҳәоит:

«Аԥсуа қыҭа Ҭхьына ииз, иааӡаз, Шәара, имариамызт шәыԥсҭазааратә мҩа. Ишыхәыҷыз заб дзыԥхаз, аха зеизҳараҿы ауадаҩрақәа зегьы ириааины, аҵара-лашарахь зымҩа ылызхыз шәреиуоуп. Аханатә ишьҭышәхыз ахықәкы – шәыжәлари шәыԥсадгьыли шәырҵеи иашаны, урҭ рзы шәхәарҭаны, шәҵоураны аҟазаара – хьаҳәхьачарак ацымкәа иаажәгоит иахьагьы. Уи ус шакәу шәырҵабыргхьеит, каламла мацара акәымкәа, абџьарлагьы – ҳтәыла ашәарҭара ду ианҭагыла, аџьынџь ахьчаразы хацәнымырха шәгылеит.

Шәара шәыруаӡәкуп шықәсырацәала арҵаҩреи аҭҵаара ауси еилазыгӡо ҳуниверситет аусзуҩцәа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа нагақәа. Авторс шәрымоуп аԥсуа ҭҵаарадырраҿы акрызҵазкуа, Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи, аетнологиеи уҳәа ирызку аусумҭақәа жәпакы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акымкәа-ҩбамкәа хазы игоу амонографиақәеи, арҵага шәҟәқәеи, арҵага цхыраагӡақәеи. Убри аан, напхгаҩык иаҳасабала сазыгәдууп, аԥсуа ҭҵаарадырраҿы шәлагала азгәаҭаны, шәылшамҭақәа ҳасаб рзуны, ааигәа иахьалҳаршаз шәусумҭақәа реизга шәҟәқәа ҳуниверситет атипографиаҿы рҭыжьра. Сгәы иаанагоит, иахьа ҳарҭ зегь ҳаззааԥсо – уаҵәтәи ҳԥеиԥш, ҳгәыӷрақәа здаҳҳәало – абиԥара ҿа рзы ари акрызҵазкуа усуп ҳәа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳау ашкол Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аҧсны аҭҵаарадырра Зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, Шәара – иахьа шәиубилеи шәаԥылоит аԥсҭазаара ишәзаанагаз ахьанҭара шәҽаҵамырхакәа, шәҭаацәара ԥшӡа, шәхы-шәыхшара, шәмаҭацәа, шәҩызцәа, шәколлегацәа рыгәҭаны шәыӷәӷәаҟацаӡа, шәкалам шышәкыц икны.

Ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара ҳаракы, арҿиаратә гәаҳәара, аԥсуа иқәранҵыра ду, шәнапы злаку аусқәа зегьы рҟны аманшәалареи ақәҿиарақәеи. Ҽаанбзиала шәгәырӷьо шәнеилааит! Аԥсынреи аԥсуа жәлари шәрыгымзааит!»

Аконференциа мҩаԥигон аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Алик Габелиа.

В. Л. Бигәаа иԥсҭазаареи иҭҵаара-педагогикатә усуреи ирызкны инарҭбааз ажәахә ҟаиҵеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәырам Гәымба.

Аиубилиар идныҳәалауа иқәгылеит аҵарауаа Арда Ашәба, Константин Думаа, Владимир Занҭариа, Сима Дбар, иара убасгьы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аппарат аусзуҩ Зураб Маршьан, ААР Аботаника аинститут аиҳабы Едуард Гәбаз, асахьаҭыхҩы, ауниверситет аҟазарақәа рфакультет адекан Нугзар Логәуа уҳәа убас егьырҭгьы.