Азҵаара рыҭара



Аолимпиадаҿы иаиааиз адипломқәа ранаршьеит

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысуеит иаарту аҩнашәқәа рымши "Аҳаракырақәа рахь амҩа" зыхьӡу аолимпиадаҿы аиааира згази аҧхьахә ҭыҧқәа аанызкылази адипломқәа ранашьара ацеремониеи.

Аолимпиада алҵшәақәа рыла, сынтәа ҧышәарада ауниверситет иахыҧхьаӡалоуп 121-ҩык аҿар. Урҭ рахьтә 56-ҩык абиуџьеттә ҭыҧқәа рахь.

Аолимпиадаҿы аиааира ргеит 27-ҩык абитуриентцәа.

Адиплом II аҩаӡара (араӡынтә аҧхьахә) иаҧсахеит - 19-ҩык.

Адиплом III аҩаӡара (аџьазтә аҧхьахә) - 10-ҩык.

Сынтәа аолимпиада рхы аладырхәит зынӡа 404-ҩык аушьҭымҭацәа.