Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны астуденцәа рдипломтә усумҭақәа рыхьчара иацырҵоит


Маи 29 рзы рдипломтә усумҭакәа рыхьчеит афилологиатә факультет «Аԥсуа  бызшәа иаԥсыуам ашколқәа рҿы»  ахырхарҭала аҵара зҵо аԥшьбатәи акурс астудентцәа 23-ҩык.

Аҳәынҭқарратә комиссиа хантәаҩра азиуан алитератураҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Уасил Аҩӡба. Акомиссиа аилазаараҿы иҟан апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, аԥсуа бызшәа акафедра №2 аиҳабы Альдона Ажьиба, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы Оҭар Ӡиӡариа.

Адипломтә усумҭақәа рыхьчара  рхы аладырхәит астудентцәа рыҭҵаарадырратә напхгаҩцәагьы.

Аԥсуа бызшәа акафедра №2 аиҳабы Альдона Ажьиба иазгәалҭеит, сынтәатәи ашықәс азы аушьҭымҭацәа рыбжьара 3-ҩык диплом ҟаԥшьыла ишалго, насгьы агәыԥ аҟны ишыҟоу диплом ҟаԥшьыла иалымго, аха 5 ҳәа зусумҭақәа зыхьчаз: «Атемақәа рӷьырак аметодика иазкын, егьырҭ алингвистика.  Аметодика ахырхарҭала ирацәан иҿыцу атемақәа, урҭ иреиуоуп «Аметодист Нелли Кәыҷыр-иԥҳа Ашәба лметодигатә лагала алагарҭатә классқәа  рҿы» ҳәа хыс измаз атема», - иазгәалҭеит Альдона Ажьиба. 

Астудентцәа русумҭакәа рҟны иазааҭгылеит Аԥсны иҟоу ахәыҷбаҳчақәа рҿы иахьатәи аамҭазы абызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рзы апрограмма аиқәыршәара, аԥсуа бызшәа апроблема алагарҭатә классқәа рҿы, иара убас ҩ-бызшәак реицҵара алагарҭатә классқәа рҿы, насгьы хшыҩзышьҭра аман иаԥсыуам ашкол аҟны алагарҭатә етап аҿы аҵаҩцәа аҩратә,    аҵәажәаратә, аԥхьаратә шьцыларақәа рыҭара атәы уҳәа атемақәа жәпакы.