Азҵаара рыҭара



Ихацыркуп аҳәынҭқарратә ҧышәарақәеи аушьҭымҭацәа рдипломтә усмҭақәа рыхьчареи

Маи 25 рзы адипломтә усумҭақәа рыхьчеит афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала сынтәа зҵара хзыркәшо 14-ҩык астудентцәа.

Аҳәынҭқарратә ԥышәаратә комиссиа хантәаҩра азиуан алитератураҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Уасил Аҩӡба. Акомиссиа аилазаараҿы иҟан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, аԥсуа литература акафедра аиҳабы, адоцент Диана Аџьынџьал, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы Оҭар Ӡиӡариа. 

Иара убасгьы адипломтә усумҭақәа рыхьчара рхы аладырхәит астудентцәа рыҭҵаарадырратә напхгаҩцәа.

Аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьал иазгәалҭеит, сынтәатәи ашықәс азы иҿыцу атемақәа рацәаны ишалагалоу: «Иаабац атемақәа ракәымкәа, даара хшыҩзышьҭра рызуп апоетика, аҩымҭа злаҩу абызшәа, арҿиамҭақәа рархитектоника, урҭ реиқәыршәашьа. Иаҳҳәап, Баграт Шьынқәаба ироман «Ахаҳә еиҩса» архитектоника даараӡа ахатә ҷыдарақәа амоуп. Хыԥхьаӡара рацәала иагәылагалоуп асиужет хада иадҳәалам аепизодқәа, уи аҩымҭа амҽхак даара иарҭбаауеит. Убарҭқәа зегьы азгәаҭаны рҽазыҟарҵеит ҳастудентцәа», лҳәеит Диана Серапион-иԥҳа.

Астудентцәа рдипломтә усумҭакәа рҟны иазааҭгылеит аԥсуа литература аклассикцәа рҩымҭақәеи, аԥсуа литературатә лакә аиреи ашьақәгылареи, Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора рфольклори рлитературеи, ртематикеи ржанртә еилазаашьеи, иара убасгьы мшыннырцәҟа иахгоу аԥсуаа ирызкны аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа ртематикеи ржанртә еилазаареи уҳәа атемақәа жәпакы.