Азҵаара рыҭара



АҴАРАУАҨ СЕРАПИОН ҚЬЫШЬМАРИА ИГӘАЛАШӘАРА ИАЗКНЫ

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит Аҧсны иреиҳау аҵара зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара занашьаз, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ ҳаҭыр зқәу апрофессор ҳәа ахьӡ ҳаракы зыхҵаз Серапион (Сергеи) Роман-иҧа Қьышьмариа диижьҭеи 90 ш. аҵра иазкыз агәалашәаратә хәылҧазы.

Уи рхы аладырхәит ауниверситет анапхгара, Аҵарауаа рхеилак алахәылацәа, афизика-математикатә факультет аусзуҩцәа, астудентцәа, С. Р. Қьышьмариа иҩызцәа, иколлегацәа, иҭынхацәа.

Аусмҩаҧгатә аҟны афизика-математикатә факультет адекан, апрофессор Ниазбеи Ҧачлиа еизаз дырзаҧхьеит ауниверситет аректор, академик Алеко Гәарамиа идҵа. Уи инақәыршәаны аҵараиурҭа амолекулиартә физика алабораториа С. Р. Қьышьмариа ихьӡ ахҵоуп.