Азҵаара рыҭара



ДӘРЫҦШЬ ИМҨАҦЫСИТ АСТУДЕНТЦӘА ЗЛАХӘЫЗ АИҦЫЛАРА

Апрель 21 азы Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ анапхгара иҟарҵаз ааԥхьарала аҵарауаҩ, ажурналист, ААУ апрофессор Екатерина Бебиа астудентцәа-ажурналистцәа алархәны имҩаԥылгеит аҟаза икласс: "Ажурналист лвидеонҵамҭақәеи лышәҟәқәеи рыла Дәрыԥшь иааӡаз ихатәроу ахаҽсахьақәа" атемала.

Аиҧылараҟны идырбан Дәрыԥшьаа ирызкны ажурналист иаԥылҵахьоу афильмқәа рцыԥҵәахақәа.

Дәрыԥшьаа ртематика зҳәо афильмқәеи ашәҟәқәеи дрыхцәажәаны Екатерина Бебиа урҭ зегьы ақыҭа ҳамҭас иалҭеит. Ари аус аиҿкаараҿы автор ацхыраара лырҭеит Дәрыԥшь иааӡаз Саид Ҭаркьыли аишьцәа Руслани Османи Кәакәасқьыраа.

Иазгәаҭатәуп, ажурналист ланҵамҭақәа ақыҭа аҭоурых азы акырӡа рыҵаркуеит. Араҟа иҟоуп 1937-1940 шш., 1941-1945 шш., 1992-1993 шш. иҟаз ахҭысқәа ирылахәыз рҭоурыхқәа, Дәрыԥшь ақыҭа иалҵыз ихатәроу ауаа: Радион Ҭаркьыл, Нелли Ҭарԥҳа, Ражьден Гәымба, Галина Кәарцхьелиа-Черқьезиа, Сергеи Арӡынба, Заур Арӡынба уҳәа ирызкны атележурналист иаԥылҵахьоу афильмқәа, лышәҟәқәа рҿы илыҩхьоу инеиҵыху аочеркқәа.

"Сара сзы акырӡа аҵанакуеит сџьабаа зду сархив абиҧара ҿа рымадара. Агәразгоит урҭ ҳара ҳазхьымӡаз ҳус иацҵаны ҧхьаҟа ишырго", - иазгәалҭеит Екатерина Бебиа.